Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа Аконсултә ҟәша лаҵарамзазы мышкы иаркхоит

Коронавирустә инфекциа аларҵәара алмыршаразы консултә ҟәшахьы аамҭак ала фҩык иреиҳамкәа ауаа нарышьҭуеит, асабардақәа рҿаҵаны.
Sputnik

АҞӘА, лаҵара 19 - Sputnik. Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа Аконсултә ҟәша лаҵара 21 рзы аҭааҩцәа заднакылом ҳәа аанацҳауеит Ацҳаражәҳәарҭа Facebook аҿтәи адаҟьаҿы.

Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа Аконсултә ҟәша атехникатә мзызқәа ирхырҟьаны иаркхоит.