Урыстәыла Атуроператорцәа рассоциациа Аԥсны аԥхынтәи асезон зеиԥшрахо азԥхьагәарҭеит

Урыстәыла атуроператорцәа Рассоциациа адыррақәа рыла урыстәылаа еиҳа иԥсшьарҭа ҭыԥны Аԥсны иалырхуа Гагра, Пицунда, Афон ҿыц, Аҟәа роуп.
Sputnik

АҞӘА, лаҵара 18 - Sputnik. 2021 шықәсазтәи аԥхынтәи асезон азы Аԥсны аԥеиԥш бзиа амоуп, аотельқәеи апансионатқәеи рҟны ахәԥсақәа шыҳараркызгьы ҳәа лҳәеит Урыстәыла атуроператорцәа Рассоциациа аиҳабы Маиа Ломиӡе "Россия сегодня" амультимедиатә пресс-центр аҟны имҩаԥысуаз онлаин-конференциаҿ.

Аҟәеи Гагреи заанаҵы аԥсшьараҭыԥқәа ахьҿарҵо ақалақьқәа ирыҵанакит

Урыстәылатәи атуристцәа аинтерес ду аадырԥшуеит аԥснытәи ахырхарҭаҿ. Ломиӡе иазгәалҭеит апандемиа иахырҟьаны урыстәылатәи атуристцәа аҳәаанырцә ааигәа иазхьаԥшуа иалагеит ҳәа.

"Аҳәаанырцә ааигәа атәылақәа еиуеиԥшым аҭыԥқәа рҿы иҟоуп. Аԥсны атуроператорцәа реиҳараҩык рҭахрақәа ирыҵанакуеит. Урыстәылаа рзы ари ахырхарҭа Краснодартәи атәылаҿацә ахырхарҭақәа иреиԥшуп", - лҳәеит Ломиӡе.

АТОР ахада лажәақәа рыла, атуристцәа Урыстәылеиԥш аҳәаанырцәгьы иалырхуа аотельқәа ркатегориа "лиукс" ауп.

Урыстәыла атуроператорцәа Рассоциациа адыррақәа рыла, урыстәылаа аԥсшьараз Аԥсны еиҳа иалырхуа Гагра, Пицунда, Афон ҿыц, Аҟәа роуп.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: