Акоронавирус злаз ҩыџьа рыԥсҭазаара иалҵит Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭаҿы

Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 рылоу ирыламу аилкааразы 174-ҩык атестқәа рзыҟаҵан, урҭ рахьтә 24-ҩык рцәа акоронавирус шалаз аадырԥшит.
Sputnik

АҞӘА, лаҵара 20 – Sputnik. Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭаҿы лаҵарамза 20 рзы иԥсҭазаара далҵит 1951 шықәса ииз ахаҵа, лаҵарамза 19 рзы 1940 шықәсазы ииз аԥҳәыс, абри атәы аанацҳауеит Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.

Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 46-ҩык, урҭ рахьтә 42-ҩык акоронавирус адиагноз рзышьақәыргылоуп, рҭагылазаашьа бааԥсуп 16-ҩык, ибжьаратәуп - 26-ҩык.

Аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭаҿы ирхәышәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 27-ҩык апациентцәа, рҭагылазаашьа бааԥсуп ааҩык. Очамчыра ирхәышәтәуеит 19-ҩык, Гагратәи ахәышәтәырҭаҿы - 13-ҩык, Тҟәарчалтәи ахәышәтәырҭаҿы - хҩык апациентцәа.

Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 15126-ҩык ыҟоуп, ргәы бзиахеит 14270-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 229-ҩык.

Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>