Арадио

Барцыц еиҭеиҳәеит Гагра ахаҿра еицазкуа ахәаахәҭратә ҿхышәқәа рызҵаара шырӡбо атәы

Гагра араион ахада ихаҭыԥуаҩ Алхас Барцыц арадио Sputnik арубрика "Раионк аԥсҭазаараҟынтә" аҳәаақәа ирҭагӡаны еиҭеиҳәеит ақалақь ахаҿра еицазкуа ахәаахәҭратә ҿхышәқәа рықәгара ишаҿу.
Sputnik
Барцыц еиҭеиҳәеит Гагра ахаҿра еицазкуа ахәаахәҭратә ҿхышәқәа рызҵаара шырӡбо атәы

Гагра анапхгареи анаплакыҩцәеи ақалақь арԥшӡара рҽазыркит акурорттә аамҭа аламҭалаз. Аусурақәа аԥхьатәи рыхәҭа аҳәаақәа ирҭагӡаны аиҿкааратә усқәа цоит асасааирҭақәа "Абхазия", "Тотус" ирыԥну амшын аԥшаҳәаҿы. Аԥшаҳәа арԥшӡаратә усурақәа раан аԥхынтәи акаҳуажәырҭақәа ҩбеи ахәаахәҭратә павилионқәа хԥеи ықәган. Ас еиԥш иҟоу аӡбамҭа аобиектқәа рыԥшәмацәа ишрыдыркылази, араиони ахадареи абизнесуааи русеицура лыҵшәақәас иаиузи еиҭеиҳәеит Гагра араион ахада ихаҭыԥуаҩ Алхас Барцыц.

Шәазыӡырҩы аудиофаил.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: