Гагра анапхгареи анаплакыҩцәеи ақалақь дырԥшӡоит

© Foto / Диана Лобода Благоустройство Гагры
Благоустройство Гагры - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.05.2021
Анапаҵаҩра
Гагра аԥшаҳәа арԥшӡаратә усурақәа раан аԥхынтәи акаҳуажәырҭақәеи ҩбеи ахәаахәҭра апавилионқәа хԥеи ықәган.

АҞӘА, лаҵара 20 – Sputnik, Бадри Есиава. Гагра араион ахадареи анаплакыҩцәеи ақалақь арԥшӡара нап еицаларкит ҳәа Sputnik иазеиҭалҳәеит араион архитектор хада Диана Лобода.

Город курорт Гагра - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.05.2021
Гагра аҩнытә ԥстәқәа зманы ԥсшьара ицо иалыркаауа аҭыԥқәа жәаба ирылашәеит

Лара илҳәеит абри аус анагӡара актәи аетап аҳәаақәа ирҭагӡаны ишалагахьоу аремонт-еиҭашьақәыргыларатә усурақәа асасааирҭақәа "Абхазия", "Тотус" ирыԥну аԥшаҳәа.

Аԥшаҳәа арԥшӡаратә усурақәа раан аԥхынтәи акаҳуажәырҭақәеи ҩбеи ахәаахәҭра апавилионқәа хԥеи ықәган.

"Арҭ акаҳуажәырҭақәеи ахәаахәҭырҭақәеи рыргылара азин ҟаҵан 2006 шықәсазы шықәсык русура ҳәа, аха уи ашьҭахь аҿҳәара иацҵамызт. Арендаторцәа ҳрацәажәеит. Дара арҭ адокументқәагьы рымамызт. Архив аҿы иҳаԥшааит аизга-еимыхратә конструкциа аргылара шакәыз ззин рымаз, дара нас уи дырҭбааит. Адокумент аҿы, иара убасгьы, иарбан араион ахадара аӡбрала арҭ аконструкциақәа ианырҳәо иқәгатәуп", - лҳәеит Лобода.

Архитектор илҳәеит акаҳуажәырҭақәа ажәытә шьаҟамҩа ахәҭак шааныркылоз. Сынтәа дара амца ркын иблит. Абас зыбжа еилаҳахьаз ахыбрақәа 2021 шықәса лаҵарамзанӡа игылан.

Ақьырагаҩцәа реиҳараҩык аҭагылазаашьа еилкааны ахыбрақәа рықәгара мап ацәырымкит, аха иҟан активла иаҿагылозгьы.

© Foto / Диана Лобода Гагра анапхгареи анаплакыҩцәеи ақалақь дырԥшӡоит
Гагра анапхгареи анаплакыҩцәеи ақалақь дырԥшӡоит - Sputnik Аҧсны
1/4
Гагра анапхгареи анаплакыҩцәеи ақалақь дырԥшӡоит
© Foto / Диана Лобода Гагра анапхгареи анаплакыҩцәеи ақалақь дырԥшӡоит
Гагра анапхгареи анаплакыҩцәеи ақалақь дырԥшӡоит - Sputnik Аҧсны
2/4
Гагра анапхгареи анаплакыҩцәеи ақалақь дырԥшӡоит
© Foto / Диана Лобода Гагра анапхгареи анаплакыҩцәеи ақалақь дырԥшӡоит
Гагра анапхгареи анаплакыҩцәеи ақалақь дырԥшӡоит - Sputnik Аҧсны
3/4
Гагра анапхгареи анаплакыҩцәеи ақалақь дырԥшӡоит
© Foto / Диана Лобода Гагра анапхгареи анаплакыҩцәеи ақалақь дырԥшӡоит
Гагра анапхгареи анаплакыҩцәеи ақалақь дырԥшӡоит - Sputnik Аҧсны
4/4
Гагра анапхгареи анаплакыҩцәеи ақалақь дырԥшӡоит
1/4
Гагра анапхгареи анаплакыҩцәеи ақалақь дырԥшӡоит
2/4
Гагра анапхгареи анаплакыҩцәеи ақалақь дырԥшӡоит
3/4
Гагра анапхгареи анаплакыҩцәеи ақалақь дырԥшӡоит
4/4
Гагра анапхгареи анаплакыҩцәеи ақалақь дырԥшӡоит

"Акаҳуажәырҭақәа аус аныруазгьы арыцҳацәа рхьыкәкәо иҟан, аӡыргаратә баннерқәак рыкәыршан. Ақалақьуаа иџьаршьон рырԥшӡара зыҟамлозеи ҳәа. Аамҭа раҳҭеит рхала иқәыргарц, аха араион ахадара ахатә харџь ала иқәыргар акәхеит", - лҳәеит Лобода.

Ирыцқьоу аҵакыра арԥшӡара араион анапхгара зобиектқәа ааигәа игылоу анаплакыҩцәа ирыдырҵеит. Лобода лажәақәа рыла дара ақәшаҳаҭхеит, араион ахадарагьы ацхыраара шыҟарҵо рҳәеит.

Ақалақь абри аԥшаҳәахәҭа аура 152 метра иҟоуп, азеиԥш ҵакыра 2000 метр ԥшьыркца. Апроет автор – Ҭимур Чичибаиа.

Отдых туристов в Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.05.2021
Гагра зхала зыԥсы зшьо атуристцәа иалыркаауа ҭыԥуп

"Апроект ала амшынԥшаҳәа аныҟәарҭамҩақәа еидҳәалахоит. Аусураҿы ахархәара рыҭахоит еиуеиԥшым ақәҵахкқәа, аҵиаақәа, ашәҭқәа. Аҵлақәа рымҵан адгьыл хтымзарц амармалташьхаҳәрддеи аԥсаӡҵла ацәеи рыла ихҟьахоит", - лҳәеит архитектор.

Аусурақәа мышқәак раԥхьагь ихыркәшахар акәын, аха иазыԥхьагәаҭамыз арҭ аҭагылазаашьақәа ирхырҟьаны аҿҳәара инахан. Ҩымчыбжь, хымчыбжь рыла зегь еиҿкаахоит. Аҵлақәа реиҭаҳара аамҭагь инахоуп иахьшоурахаз азы.

2021 шықәса ааԥынразы Гагра ақәыԥшратә бырбал аргылара иалагеит акоммерциатә еилахәыра. Лобода ишылҳәо ала аттракцион аҵакыра иаԥну апарктә зона апроект рхиоуп, аттаркцион зыргыло уи анагӡара рхахьы иргеит.  Апарктә зона аура 132 метра иҟоуп, аҵакыра -  2500 метр ԥшьыркца.

Араион ахадареи анаплакыҩцәеи еилацәажәеит аусурақәа зегьы еиқәшаҳаҭрыла аицпроектқәа инарықәыршәаны ишымҩаԥырго азы.

Ажәабжьқәа зегьы
0