Акциа "Ақалақь цқьа" мҩаԥыргеит Аҟәа

Есышықәса Аԥсны ақалақьқәеи араионқәеи рҿы имҩаԥысуа акциа рхы аладырхәит ашколхәыҷқәа, аҳәынҭқарратәии акомерциатәии наплакқәа русзуҩцәа.
Sputnik

АҞӘА, лаҵара 21 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аҳҭнықалақь ахадара еиҿнакааз акциа "Ицқьоу ақалақь" мҩаԥыргеит лаҵара 20 азы Аҟәа.

Ақалақь ахада Беслан Ешба иажәақәа рыла акциа рхы аладырхәит ауаажәларратә, агәыҳалалратә еиҿкаарақәа, ашколқәа, аҩынусбарҭақәа. Дасу иара иҵанакуа аҭыԥқәа рыман.

"Аусурамш алаҳхит, ауаа рыԥсшьарамш рцәаҳмырӡырц. Аидеиа аӡәгьы мап ацәимкит, адгылара арҭеит", - иҳәеит иара.

Ешба иҳәеит акциа алахәылацәа иахәҭаз аинвентарь ала ишеибырҭаз, аха аиҳараҩык дара рхатәқәа шнаргаз.

Есышықәса Аԥсны ақалақьқәеи араионқәеи рҿы имҩаԥысуа акциа рхы аладырхәит ашколхәыҷқәа, аҳәынҭқарратәии акомерциатәии наплакқәа русзуҩцәа.

Лаҵара 21 азы акциа мҩаԥысраны иҟоуп Гәдоуҭа.

2020 шықәсазы Аҟәа ахадареи агәыҳалалратә еиҿкаара "Аԥсны агәыҳалалра ацҳаражәҳәаҩцәеи" акциа еицымҩаԥыргеит Аҟәа ақалақь аҿы.