АҞӘА, лаҵара 21– Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Арт-фестиваль "Уаҵәы иахьа иалагоит" Аҟәа иаатит лаҵара 20 азы.
"Ҳкоманда аҟазара абызшәала ицәажәоит. Москватәи асас даҳҭоуп, аҭыԥантәи асахьаҭыхыҩцәа ҳҭоуп. Афестиваль аҿы ҳалацәажәар ҳҭахуп ҳаамҭазтәи аҟазара", - лҳәеит афестиваль аиҿкааҩ, Colors of Nation ахаҭарнак Анна Савилова.
Урыстәылатәи асахьаҭыхыҩ Макс Гошко-Даньков, аҟәатәи амшынтә баӷәаза шәыгала изҩычарц иааз, аимак-аиҿак иалахәын аҭыԥантәи асахьаҭыхыҩцәа– Аруҭан Ҷыҭанаа, Гуранда Барцыцԥҳа, Анана Ломиаԥҳа.
Асахьаҭыхыҩцәа ҳаамҭазтәи аҟазара шыҿио, русураҿы иарбан техникоу рхы иадырхәо, избан арҿиара рнапы залаку уҳәа ирылацәажәеит.
"Сара сгәаанагарала Аԥсны макьана ҳаамҭазтәи аҟазара иазыҟаҵам, аха ҳара маҷ-маҷ уи аилкаарахь амҩа ҳануп", -лҳәоит Анана Ломиаԥҳа.
Гуранда Барцыцԥҳа иазгәалҭеит лара лзы иахьатәи аҟазара иҟоу аԥсҭазаара аныԥшроуп иаанаго ҳәа.
"Дасу изы ҳаамҭазтәи аҟазара хаз-хазуп. Сгәы иаанагоит зынӡа иавангардны иҟамзароуп ҳәа. Иаауыкәыршаны иҟоу адунеи шубо аныԥшуазароуп", - лҳәеит лара.
Арутан Ҷыҭанаа иазгәеиҭеит Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа аиҳарак аклассикатә жанр аҿы аус шыруа.
"Ҳаамҭазтәи аҟазара акәзар, уи аамҭа иаҳнарбоит. Аҿиара аҭахуп абри аганахь ала", - иҳәеит иара.
Макс Гошко-Даньков иҳәеит асахьаҭыхыҩцәа шеиуеиԥшым, аха зегьы ҳаамҭазтәи аҟазара акапсула шаԥырҵо.
Арт-фестиваль "Уаҵәы иахьа иалагоит" апрограммаҿ– аилацәажәарақәа, афильмқәа рырбара.
Апроект партниорцәас иамоуп: Аҟәа ақалақь ахадара, Амшынтә баӷәаза, аилахәыра "Аквафон", Sputnik Аԥсны.