Аԥсны акоронавирустә инфекциаҟынтәи алаҵа ҟазҵаз рхыԥхьаӡара еилкаахеит

Акоронавирустә инфекциаҟынтәи алаҵа "Спутник V" Аԥсны ауаа ирыларҵо иалагеит лаҵара 12 рзы. 6500 доза алаҵа "Спутник V" Аԥсныҟа иааргеит мшаԥы 30 рзы.
Sputnik

АҞӘА, лаҵара 21 – Sputnik. Аԥсны акоронавирустә инфекциаҟынтәи 488-ҩык алаҵа ҟарҵахьеит, абри атәы аанацҳауеит ареспублика агәабзиарахьчара аминистрра.

Алаҵа "Спутник V" Аԥсны ауаа ирыларҵо иалагеит лаҵара 12 рзы.

Аполиклиника №1214-ҩык
Аполиклиника №3 (Синоп)60-ҩык
Аҟәатәи ақалақьтә хәышәтәырҭа82-ҩык
Ареспубликатә хәышәтәырҭа20-ҩык
Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭа14-ҩык
Гагратәи ахәышәтәырҭа38-ҩык
Очамчыратәи ахәышәтәырҭа15-ҩык

Аҟәатәи абыргцәеи-аинвалидцәеи рыҩны-интернат

15-ҩык

Асанитар-епидемиологиатә маҵзура

30-ҩык

6500 доза алаҵа "Спутник V" Аԥсныҟа иааргеит мшаԥы 30 рзы. Аполиклиника №3 аҟны адагьы алаҵа ҟарҵоит аполиклиника №1 аҟны. Алаҵа ҩ-етапкны иҟарҵоит, 21 мшы рыбжьаҵаны.

Акоронавирус аҟынтәи алаҵа ҟауҵаразы аԥсуа тәылауаҩшәҟә умазароуп, Аҟәа ауааԥсыра аҭыԥантәи аҭаҩра рымазароуп. Алаҵа ҟарҵаанӡа атерапевт апациент ишоура гәеиҭоит, игәабзиара зеиԥшроу еиликаауеит.