Арадио

Кәарҷиа Аԥсни Шьамтәылеи рпарламенттә усеицуразы аиқәшаҳаҭра: ҳамҩақәнаҵоит

Аԥсны Жәлар реизара ахантәаҩы Валери Кәарҷиа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит Шьамтәыла анапы зҵаҩҩыз апарламентбжьаратә усеицуразы аиқәшаҳаҭра иаҵанакуа, иазгәанаҭо атәы.
Sputnik
Кәарҷиа Аԥсни Шьамтәылеи рпарламенттә усеицуразы аиқәшаҳаҭра: ҳамҩақәнаҵоит

Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа напхгара зиҭоз аԥснытәи аделегациа Шьамтәылаҟа аусутә ныҟәара аҳәаақәа ирҭагӡаны ишьақәырӷәӷәан аҩ-тәылак рпарламентқәа рыбжьара аиҩызаратә гәыԥ. Лаҵара 18 рзы Аԥсны Жәлар реизара аиҳабы Валери Кәарҷиа диԥылеит Шьамтәыла Жәлар рхеилак аиҳабы Хаммуд Саббаг. Уи аиԥылараҿы нап аҵаҩын Аԥсни Шьамтәылеи рпарламентбжьаратә усеицуразы аиқәшаҳаҭра.

"…Абри ҳаиҩызареи, хԥарламенттә усеицуреи иааԥмырҟьаӡакәа аус рыдызуло иаҳзеиԥшу акомиссиа алҳхырц аҳәара ҟарҵеит. Дара рахьынтә 15-ҩык адепутатцәа алхын, ҳара быжьҩык адепутатцәа алхны, аиҳабы даҭаны иҟаҳҵеит. Аиқәшаҳаҭра ҳнапы анаҵаҳаҩ ашьҭахь Шьамтәыла апарламент аиҳабы Хаммуд- Есыф Саббаг иаҳирдырит ҳаиҩызара, ҳаешьара иалахәу, ҳара ҳганахьалагьы иҟоу рыӡбахә ҳҳәеит… Ари аиқәшаҳаҭра ҳамҩақәнаҵоит наҟ-наҟ азакәанԥҵара аганахьала, акультуратә зҵаарақәа рҟны уҳәа. Агәыԥ иазнархиоит инагӡатәу аусқәа рсиа, нас ишьақәырӷәӷәаны аус адаҳулалоит", - иҳәеит Кәарҷиа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: