Аԥсны-Шьамтәылатә еиҳабырабжьаратә комиссиа аусура иалагеит

© Foto / Министерство Экономики РАКристина Озган подписала Соглашение о сотрудничестве между сирийскими и абхазскими портами
Кристина Озган подписала Соглашение о сотрудничестве между сирийскими и абхазскими портами - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.05.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аҳәынҭқарра аделегациа Шьамтәылатәи Арабтә Республикахь аофициалтә визит иалагеит лаҵара 16 рзы. Лаҵара 17 рзы Дамаск еиԥылеит Аԥсни Шьамтәылеи рхадацәа.

АҞӘА, лаҵара 18 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниеи Шьамтәыла аԥыза-министр Хусеин Арнуси Аԥсны-Шьамтәылатә еиҳабырабжьаратә комиссиа аусура иалахәуп ҳәа аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.

"Ҳҳәынҭқаррақәа рыбжьара аизыҟазаашьақәа рыҿиаразы ари аҵак ду змоу хҭысуп. Ҳҳәынҭқаррақәа ирымоуп алшара аекономика, атуризм, ақыҭанхамҩа, аҭҵаарадырра, акультура, аспорт уҳәа ахырхарҭақәа рҟны қәҿиарала аусеицра", - иҳәеит Аԥсны ахада.

Аслан Бжьаниа иазгәеиҭеит атәылақәа рыбжьара нап шрыҵаҩу имаҷымкәа аҳәынҭқаррабжьаратә еиқәшаҳаҭрақәа, Аԥсни Шьамтәылеи рыбжьара аиҩызареи аусеицуреи рзы аиқәшаҳаҭра аԥхьа инаргыланы ҳәа.

"Аԥсны-Шьамтәылатә еиҳабырабжьаратә комиссиа еиҿкаауп. Иара иахықәкуп аиқәшаҳаҭрақәа рырҭбаара, рхарҭәаара. Аԥснытәи аган азыхиоуп еицыфеидоу аусеицура амҩаԥгараз аусурақәа рылагара", - ҳәа иҳәеит Бжьаниа.

Официальная встреча Президентов Республики Абхазия и Сирийской Арабской Республики Аслана Бжания и Башара Аль-Асада - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.05.2021
Аслан Бжьаниеи Башар Асади Шьамтәыла еиԥылеит

Аԥсны-Шьамтәылатә еиҳабырабжьаратә комиссиа алахәылацәа рылацәажәеит аекономика, атуризм, ақыҭанхамҩа русхк аҟны аусеицура апрактикатә лшарақәа.

Акомиссиа аусура аихшьалақәа рыла нап рыҵаҩын Аԥсни Шьамтәылеи аекономикеи атуризми рзы рминистррақәа рыбжьара аусеицуразы аиқәшаҳаҭрақәа.

Уаанӡа имҩаԥысит Аслан Бжьаниеи Хусеин Арнуси реиԥылара. Бжьаниа иазгәеиҭеит лаҵара 17 рзы ишымҩаԥысыз Шьамтәыла ахада Башар Асади иареи реиԥылара, аиԥылараҟны ахадацәа апрактикатә ус ахь ииастәуп ҳәа ишазырыԥхьаӡаз.

Ажәабжьқәа зегьы
0