Афестиваль "Хьыбла Гьерзмааԥҳа шәаалыԥхьоит..." Аԥсны нанҳәамзазы имҩаԥысуеит

Жәларбжьаратәи амузыкатә фестиваль "Хьыбла Гьерзмааԥҳа шәаалыԥхьоит..." 2020 шықәсазы имҩаԥымсӡеит акоронавирус азы апандемиа иахҟьаны.
Sputnik

АҞӘА, лаҵара 22 - Sputnik. Зеижәтәи Жәларбжьаратәи амузыкатә фестиваль "Хьыбла Гьерзмааԥҳа шәаалыԥхьоит..." Аԥсны нанҳәамзазы имҩаԥысуеит, абри атәы аанацҳауеит акультура аминистрра асаит.

Афестиваль аҳәаақәа ирҭагӡаны нанҳәа 13 рзы Пицундатәи ауахәамаҿы иҟоу Аҳәынҭқарратә концерттә зал аҿы имҩаԥысуеит ауарӷантә музыка ахәылԥаз, уи иалахәуп аопера аеҵәахә, Аԥсни Урыстәылеи Жәлар рартистка Хьыбла Гьерзмааԥҳаи ауарӷанарҳәаҩ Фиодор Строганови. Ахәылԥаз мҩаԥигоит Иулиан Макаров.

Нанҳәа 15 рзы Фазиль Искандер ихьӡ зху Аурыс ҳәынҭқарратә драматә театр аҿы имҩаԥысуеит Аԥсни Урыстәылеи Жәлар рартистка Хьыбла Гьерзмааԥҳа, СССР Жәлар рартист Владимир Спиваков сахьаркыратә напхгаҩыс дызмоу, Валентина Уриупина дирижиорс дызмоу Аҳәынҭқарратә камертә оркестр "Виртуозы Москвы" рконцерт. Араҟагьы мҩаԥгаҩыс дҟалоит Иулиан Макаров.

Хьыбла Герзмаа Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра акультура аусхк аҟны аԥхьахә ланашьахеит

Жәларбжьаратәи афестиваль "Хьыбла Гьерзмааԥҳа шәаалыԥхьоит…" еиҿкаан 2001 шықәса рзы, Аԥсны имҩаԥысуан. Уи аахижьҭеи иара агеографиа арҭбааит. Афестиваль аконцертқәа мҩаԥысуан Москва Чаиковски ихьӡ зху Аконцерттә зал аҿы, К. С. Станиславскии В. И. Немирович-Данченкои рыхьӡ зху Амузыкатә театр аҿы, Ниу-Иорк Карнеги-холл аҿы, Вена Музикфераин азал аҿы, Швеицариа Санкт-Морице аҿы.

2020 шықәсазы афестиваль мҩаԥымсӡеит акоронавирус азы апандемиа иахҟьаны.

Хьыбла Гьерзмааԥҳа — иналукааша урыстәылатәи шәаҳәаҩуп, адунеи иреиҳаӡоу атеатрқәа рҿы дықәгылахьеит. Метрополитен-опера, Венатәи аҳәынҭқарратә опера, Бавариатәи аҳәынҭқарратә опера, Шатлеии Шанз-Елизеи, петербургтәи Мариинтәи атеатри рҿы изныкымкәа дықәгылахьеит. 2008 шықәса рзы имҩаԥысит Лондон, Ковент Гарден аҟны лдебиут – Чаиковски иопера "Евгени Онегин" аҿы.