Аслан Бжьаниа Аԥсны АшәМ Иҷыдоу анапынҵақәа Рцентр аԥҵара амш рыдиныҳәалеит

Лаҵарамза 23 рзы Аԥсны Ашәарҭадаратә маҵзура иҷыдоу анапынҵақәа Рцентр аԥҵоижьҭеи 23 шықәса ҵит.
Sputnik

АҞӘА, лаҵара 23 - Sputnik. Аслан Бжьаниа Аԥсны Ашәарҭадаратә маҵзура иҷыдоу анапынҵақәа Рцентр аԥҵоижьҭеи 23 шықәса аҵра рыдиныҳәалеит. Абри атәы аанацҳауеит Атәыла ахада ипресс-маҵзура.

Аԥсны Ашәарҭадаратә Маҵзура Иҷыдоу анапынҵақәа Рцентр аԥҵан 1996 шықәса рзы. Ацентр азырхоуп адиверсиа-террористтәи абандиттәи гәыԥқәа рҿагылара.

"Ари аныҳәамш аҽны иаҳгәалаҳаршәоит зуалԥшьа анагӡараан иҭахаз Ацентр аруаа. Ргәалашәара аҿаԥхьа ҳхырхәоит",- иҳәеит Аслан Бжьаниа.

Атәыла ахадара рнапынҵақәа рынагӡареи, Аконституциа ахьчареи, ауаажәларра ршәарҭадара аиҿкаареи рылшоит иҷыдоу анапынҵақәа Рцентр аруаа, дара аҽазыҟаҵара ҳаракы рымоуп ҳәа азгәеиҭеит Бжьаниа.

Аслан Бжьаниа аофицарцәа ирзеиӷьеишьеит агәабзиара, русураҿ ақәҿиарақәа, аҭынчра.