"Уаҵәы иахьа иалагоит": арт-фестиваль аусура иацнаҵоит Аҟәа

Арт-фестиваль "Уаҵәы иахьа иалагоит" Аҟәатәи амшынтә баӷәазаҿы имҩаԥысуеит лаҵара 20-27 рзы.
Sputnik

АҞӘА, лаҵара 23 - Sputnik, Селма Базԥҳа.  Аилахәыра Colors of Nation еиҿнакааз арт-фестиваль "Уаҵәы иахьа иалагоит" ԥшьымш ҵуеит имҩаԥысуеижьҭеи.

Арт-фестиваль "Уаҵәы иахьа иалагоит" Аҟәа аусура иацнаҵеит

Иарбан аҟазара ҿыц иахьа Аԥсны иубар залшо, сахьаҭыхҩыс зхы зыԥхьаӡар ауа, арҿиамҭақәа рыҭира зыԥхашьарам, ианбааиуеи уаҵәы захьӡу – ирацәоуп арт-фестиваль аҳәаақәа иҭагӡаны излацәажәаз азҵаарақәа. Алахәылацәеи аҭааҩцәеи идырбан адокументалтә фильм "Бернинг-мэн", иалацәажәан амилаҭтә традициақәа.

Урыстәылатәи асахьаҭыхыҩ Макс Гошко-Даньков аҟәатәи амшынтә баӷәаза шәыгала иҩычарц дыҟоуп афестиваль аҳәаақәа ирҭагӡаны. Лаҵарамза 20 рз иара аҭыхра нап аиркит. Аиҿкааҩцәа иарбан сахьоу иаарԥшхо атәы рҳәом, имаӡоуп, аха автор иҳәоит, заанаҵ сахьак алкаан имамызт ҳәа.

Макс Гошко-Даньков ҳаамҭа иаҵанакуа сахьаҭыхҩуп. Аҿыханҵаҿы ихы иаирхәоит еиуеиԥшым ашәыгақәа: афломастерқәа, амаркерқәа, алак.

Арт-афестиваль аиҿкааҩцәеи асахьаҭыхҩи ражәақәа рыла, асахьа хыркәшахоит лаҵарамза 27 рзы.

Апроект партниорцәас иамоуп: Аҟәа ақалақь ахадара, Амшынтә баӷәаза, аилахәыра "Аҟәафон", Sputnik Аԥсны. Арт-фестиваль "Уаҵәы иахьа иалагоит" мҩаԥысуеит лаҵара 20-27 рзы.