"Амшынеиқәафымцамч" адырра ҟанаҵоит Гагра араион аҿы аамҭала алашара шыҟамло

Аԥсны иахьаҵанакуа алашара арцәара аграфик аԥырхит ЕгрыГЕС аремонт анхыркәшаха ашьҭахь, мшаԥы 27 раахижьҭеи.
Sputnik

АҞӘА, лаҵара 25 - Sputnik. Лаҵара 25 азы Гагра араион лашарада иаанхоит ҳәа аанацҳауеит "Амшынеиқәафымцамч" Facebook аҿтәи адаҟьаҿы.

Астанциа маҷ Гагра-1 ырцәахоит асааҭ 10.00 - 14.00 рзы.

"Амшынеиқәафымцамч" иҟанаҵаз адыррала, алашара арцәара аремонт-профилактикатә усурақәа ирыхҟьоит.

Иахьазы Аԥсны лашарала еиқәзыршәо ЕгрыГЕС ауп. Ара аремонттә усурақәа хыркәшан мшаԥы 26 рзы.