Урыстәылеи Аԥсни рҳазалхратә маҵзурақәа аԥхынразы русеицуратә еинырра иалацәажәеит

Аиԥылара алахәылацәа аҳазалхратә процедурақәа роптимизациа иазырхоу ауснагӡатәқәа ирылацәажәеит.
Sputnik

АҞӘА, лаҵара 25 - Sputnik. Урыстәылеи Аԥсни рҳазалхратә маҵзурақәа аԥхынразтәи акурорттә сезон аан русеицуратә еинырра иалацәажәеит. Абри атәы аанацҳауеит Краснодартәи аҳазалхырҭа апресс-маҵзура. Аԥсни Урыстәылеи рҳазалхратә маҵзурақәа рхаҭарнакцәа реилацәажәара мҩаԥысит Шәача.

Аԥсни Урыстәылеи рҳәаахьчаратә маҵзурақәа аушьҭырҭатә ҭыԥ "Адлер" аусура иалацәажәеит

Аганқәа алацәажәеит аҳазалхырҭатә гәаҭара аҭыԥ ахысра арццакра азҵаара. Иазгәаҭан аушьҭырҭатә ҭыԥ "Адлер" аҟны аушьҭра арццакра аҳәааҿы аус зуа аусбарҭақәа зегьы реинырра ишадҳәалоу.

Ишдыру еиԥш аҳәааҿы агәаҭара-хылаԥшратә ҭыԥқәа рҿы ауадаҩрақәа аԥхынтә сезон азы иазҳауеит. Убас, нанҳәамза ашыкьымҭазы аҳәаа иахысуеит 1,5 миллионҩык ахатәхаҿқәеи, 500 нызқь транспорт хархәагеи.

Уи адагьы аилацәажәараан иахәаԥшын аекскурсиатә автобусқәа рыла аҳәаа иахысуа атуристцәа хылаԥшра рыҭараан амаҵзурақәа реинырра азҵаара. Шәачатәи аҳазалхырҭа адыррақәа рыла бжьаратәла акурорттә сезон аан есыҽны 200 автобус аҳәаа иахысуеит, урҭ рымаҵ аура ацәаҳәа цҵақәа рҿы аԥыжәара аҭаны имҩаԥыргоит.

Аиԥылара алахәылацәа азааҭгылеит аҳазалхратә операциақәа ирыдҳәалоу арҽеирақәа, аҳәаа иахысуа аидарақәа рхылаԥшреи реиҿкаареи апроцессқәа. Иазгәаҭан аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы аизҳара шаиуз аԥснытәи ашәыр-ргәыцтә аалыҵи ауыҭраҭых аалыҵи аҳәаа рахыгара. Убас, 2020 шықәсазы Аԥснынтәи аҳәаа иахыган 300 тонна аҵыҵындра, сынтәа иазыԥхьагәаҭоуп 800 тонна.

Аԥснытәи аган ахаҭарнакцәа иазгәарҭеит аҳазалхырҭатә усбарҭа ҷыда (СТО) аусура актуалра аекспорттә еидара аиҿкаара арццакраҿы.

Азхьаԥшра аҭан аҳазалхартә документқәа реиҿкаара агармонизациа ахәаахәҭратә еикәыршараҿы, урҭ релектронтә харҭәаарагьы абрахь иналаҵаны. Убри инадҳәаланы атәылақәа рҳазалхратә маҵзурақәа рыбжьара адокументеимдара мҩаԥысуеит аҳазалхратә ҭышәныртәалара аусхк аҟны.

Азхьаԥшра ҷыда аҭан ЕАЕС аҳазалхратә ҵакырахь ахатәхархәараз атранспорт хархәагақәа аамҭала ахатәхаҿқәа – Урыстәыла иарезидентцәам, аҳәаа ианахырго аԥҟарақәа реилагара азҵаара.

Аилацәажәара аихшьаалала алахәылацәа еиқәшаҳаҭхеит ԥхьаҟатәи аицусура ахырхарҭақәа еицҳәаақәырҵарц. Анаҩстәи жәларбжьаратәи аилацәажәара азыԥхьагәаҭоуп цәыббрамзазы Аԥсны аҵакыраҿы.