Аџьар Ҟаԥшь Аԥсны аибашьраҿ иҭахаз рыԥсыбаҩқәа рыԥшаара еиҭахацнаркуеит

Аибашьра алахәылацәа рыԥсыбаҩқәа рыԥшаареи рхаҭарақәа рышьақәыргылареи мҩаԥыргоит МККК аусзуҩцәеи аԥснытәи аҟазауааи.
Sputnik

АҞӘА, лаҵара 26 - Sputnik. Аԥсны иҟоу Аџьар Ҟаԥшь Жәларбжьаратәи Аилак ахаҭарнакреи Аԥсны аиҳабыреи ихацдыркуеит хабарда ибжьаӡыз рыԥсыбаҩқәа рыԥшаара изаамҭанытәиу араунд. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсныпресс, МККК аҟәатәи аофис адыррақәа рыла.

Иазгәаҭоуп аусурақәа Аԥсны араионқәа зегьы рҿы имҩаԥгахоит 30 ԥсыжырҭа рҿы ҳәа. Арҭ аҭыԥқәа рзы аинформациа хабарда ибжьаӡыз реилкааразы Акоординациатә механизм аҳәаақәа ирҭагӡаны аусурақәа мҩаԥган.

2010 шықәса раахыс Аԥсны иҟоу Аџьар Ҟаԥшь Жәларбжьаратәи Аилак ахаҭарнакра аҟазауаа ирыԥшааит Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан хабарда ибжьаӡыз 400-ҩык рыԥсыбаҩқәа. Урҭ рҟынтәи 191-ҩык рхаҭарақәа шьақәыргылан, 44 рҭаацәарақәа ирыҭан.