Аԥснытәи адипломатцәа наԥшыҩцәак раҳасабала Шьамтәылатәи алхрақәа ирылахәуп

Шьамтәылатәи Арабтә республика ахада иалхрақәа мҩаԥысуеит иахьа, лаҵара 26 рзы. Атәыла ахада Башар Асад ибжьы иҭихьеит.
Sputnik

АҞӘА, лаҵара 26 - Sputnik. Аԥсны ахаҭарнакцәа алхрақәа рымҩаԥысшьа жәларбжьаратәи наԥшыҩцәак раҳасабала иахылаԥшуеит. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны ААР асаит.

Аԥсны ахьӡала наԥшыҩцәас иҟоуп: Шьамтәылатәи Арабтә республикаҟны Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Баграт Хәытаба, ацҳаражәҳәаҩ ицхырааҩ Қәҭеиба Фом Хасан, Ацҳаражәҳәарҭа абжьгаҩ Жанбу Абаза Агрба.

Баграт Хәытаба иажәақәа рыла, бжьыҭирҭаҭыԥцыԥхьаӡа хҩык-ԥшьҩык анаԥшыҩцәа ыҟоуп. Аԥснытәи анаԥшыҩцәа х-бжьыҭирҭаҭыԥк рҿы рус мҩаԥыргоит.

Иахьа Шьамтәыла атәыла ахада иалхрақәа мҩаԥысуеит

Ахадаразы еиндаҭлоит хҩык акандидатцәа: иахьатәи ахада, апартиа БААС амаӡаныҟәгаҩ хада Башар Асад, аҩнуҵҟатә оппозициа акандидат Махмуд Ахмед Мерии, асоциалисттә партиа уаанӡатәи адепутат Абдаллах Саллиум Абдаллах.

Анаԥшыҩцәа неины иҟоуп Урыстәылантә, Алада Уаԥстәылантә, Китаинтә, Иранынтә, Иракынтә, Белоруссиантә.

Аҵыхәтәантәи алхрақәа мҩаԥган 2014 шықәсазы. Башар Асад 88,7% алхыҩцәа рыбжьы иоуит.