АҞӘА, лаҵара 26 - Sputnik. Мрагыларатәи Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа рцәыргақәҵа иалахәын Тҟәарчал, Гал, Очамчыра араионқәа рҟынтәи асахьаҭыхыҩцәа ҳәа радио Sputnik иазеиҭеиҳәеит ацентр "ХАБ" акоординатор Сҭеԥан Амҷба.
Иара иажәақәа рыла, ацәыргақәҵа иалахәын жәеизаҩык. Урҭ рҟынтәи ҩыџьа арахь иааргеит амҿлых сувенирқәа, афотосахьаз арамкақәа, аҵаргылақәа уҳәа еиуеиԥшым анапкымҭақәа. Алахәылацәа рыбжьара иҟан ҿыц аҭыхра иалагаз, асахьаҭыхратә ҵараиурҭақәа рыстудентцәа.
"Иџьашьатәуп иаарԥшыз аинтерес. Арахь иааган имаҷымкәа аҭыхымҭақәа. Џьоукы аԥсабара асахьа ихнахуеит, даҽа џьоукы - ауаҩытәыҩса исахьа. Сгәы иаанагоит ԥхьаҟазы агеографиа ырҭбааны алахәылацәа иҵегь ирацәаҩны иадҳаԥхьалап ҳәа", - иҳәоит Амҷба.
Ацәыргақәҵа аартуп лаҵара 27 рҟынӡа. Изҭаху илшоит аҭыхымҭақәеи асувенирқәеи раахәара. Аԥарақәа авторцәа ирыҭахоит.