Агрба Гагра ӡыла аиқәыршәаразы аҭагылазаашьа зеиԥшроу еиҭеиҳәеит

Гагра ақалақь "Аӡыканал" аиҳабы инапынҵақәа назыгӡо Фома Агрба арадио Sputnik арубрика "Раионк аԥсҭазаараҟынтә" аҳәаақәа ирҭагӡаны еиҭеиҳәеит араион ӡыла аиқәыршәаразы аҭагылазаашьа зеиԥшроу.
Sputnik
Агрба Гагра ӡыла аиқәыршәаразы аҭагылазаашьа зеиԥшроу еиҭеиҳәеит

Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озганԥҳа лаҵара 26 рзы аиҳабыра реилатәараҟны илҳәеит Гагра ақалақь ӡыла аиқәыршәаразы 2010-2012 шықәсқәа раан имҩаԥгаз аусурақәа рнаҩс еиҭашьақәыргылаз аӡыҭгагатә станциақәа ахархәарахь ирыҭамызт, уажәы аӡымҩангагатә цәаҳәақәа рҟны аусурақәа рымҩаԥгараан, ҩаԥхьа аԥара шәатәуп, избанзар еиуеиԥшым амзызқәа ирыхҟьаны аӡыҭгагақәа аус руам ҳәа.

"Гагра иахьазы аӡы азҵааразы ҳабзиоуп. Аӡхагалагақәа зегь рыла ҳаиқәшәоуп, амала уажәы ақалақь ахадареи ҳареи ҳаицәажәеит инхарҭәааны аӡыҭгагақәа ҳаурц. Иахьазы аӡыҭгагақәа аус руеит, аха аҭаҵәах џьара-џьара иҟоуп, џьара-џьара иҟаӡам. Ӡыла ауаа реиқәыршәаразы аӡҭарчыгақәа хәба ыҟоуп, аӡцрыҵқәа рзгьы хәба. Аӡыржәтә иаҵанакуа рыла ҳаиқәшәоуп, хәыҷык иаҳԥырхагоу алашара ауп, уи аныҟам аӡгьы зыҟалом", - иҳәеит Агрба.

Иара еиҭеиҳәеит аӡцрыҵқәа ирыҵанакуа аҭарчыгақәа рганахьала иахьазы иҟоу ауадаҩрақәа ртәы, урҭ мзызс ирымоу.