АҞӘА, лаҵара 27 – Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 рылоу ирыламу аилкааразы 193-ҩык атестқәа рзыҟаҵан, урҭ рахьтә 26-ҩык рцәа акоронавирус шалаз аадырԥшит, абри атәы аанацҳауеит Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.
Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 41-ы, урҭ рахьтә 34-ҩык акоронавирус адиагноз рзышьақәыргылоуп, рҭагылазаашьа бааԥсуп 14-ҩык, ибжьаратәуп - 21-ы.
Аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭаҿы ирхәышәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 31-ҩык апациентцәа. Очамчыра ирхәышәтәуеит 11-ҩык, Гагратәи ахәышәтәырҭаҿы - 11-ҩык, Тҟәарчалтәи ахәышәтәырҭаҿы - быжьҩык апациентцәа.
Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>