Аԥсны аиҳабыреи ауаажәларреи Сергеи Багаԥшь инышәынҭра иаҭааит

Иахьа жәашықәса ҵит Аԥсны аҩбатәи ахада Сергеи Багаԥшь иԥсҭазаара далҵижьҭеи. Иара ҩынтә Аԥсны ахадас далырххьан - 2005 шықәсази 2010 шықәсази.
Sputnik

АҞӘА, лаҵара 29 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Сергеи Багаԥшь иқыҭа гәакьа Џьгьарда анышә дахьамадоу даҭааны ашәҭшьыҵәрақәа шьҭеиҵеит, абри атәы аанацҳауеит атәыла ахада исаит.

Аԥсны аҩбатәи ахада Сергеи Багаԥшь иԥсҭазаара далҵит лаҵара 29 2011 шықәсазы 62 шықәса дшырҭагылаз. Иара аҭоурых данылеит 2008 шықәсазы Аԥсны жәларбжьаратәи ахьыԥшымра зхаан иазхаҵахаз ҳтәыла ахаданы.

Ашәҭшьҭаҵара ацеремониа иалахәын ахада ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба, аиҳабыра рхаҭарнакцәа, Жәлар Реизара адепутатцәа, Аԥсны иҟоу Урыстәыла Азинмчы змоу ацҳаражәҳәаҩ Алексеи Двинианин, Аҟәа ахада Беслан Ешба, Ҟабарда-Балкариа уаанӡатәи ахада Арсен Каноков, Краснодартәи атәылаҿацә уаанӡатәи агубернатор Александр Ткачиов иҭаацәа, ақалақьқәеи араионқәеи рхадацәа, ауаажәларра, ашколхәыҷқәа.