Ишьақәырӷәӷәоуп Ахәыҷқәа рыхьчара амш Аҟәа апрограмма

Жәларбжьаратәи аныҳәа "Ахәыҷқәа рыхьчара Амш" шьаҭаркын 1949 шықәса абҵарамзазы, Париж. Иара есышықәса иазгәарҭо иалагеит рашәара 1 азы.
Sputnik

АҞӘА, лаҵара 28 - Sputnik. Жәларбжьаратәи ахәыҷқәа рыхьчара амшныҳәаз Аҟәа ақалақь еиҿнакааит ауснагӡатәқәа рсиа.

Аныҳәамш алагоит агәыҳалалратә уснагӡатә "Дарбанзаалак ахәыҷы иԥсҭазаараҿ иреиӷьу аҵҟьара". Аиԥхныҩлара иалагоит асааҭ 8:00 рзы Амҳаџьырқәа рыԥшаҳәа, Адраматә театр аҿаԥхьантә.

Аныҳәамш аҳәаақәа ирҭагӡаны еиҿкаахоит агәмырҿыӷьратә программа – акаҭран аҿы асахьақәа рҭыхраз аицлабра, анимациатә программа.

Еиуеиԥшым атемақәа рыла ауснагӡатәқәа ахәыҷқәа рзы имҩаԥгахоит амш зегьы иалагӡаны.

Ақьафурҭатә ҳа "Абургер" иазнархиаз аныҳәатә программа мҩаԥысуеит асааҭ 11:00 - 20:00 рзы.

Ахәылбыҽха астадион "Динамо" аҿы асааҭ 19:00 рзы аҟазаратә-класс мҩаԥигоит UFC ачемпион Хабиб Нурмагомедов.

Амшныҳәа хыркәшахоит аҿарацәа рфестиваль "Абжьы зхоу" ала Сергеи Багаԥшь ихьӡ зху ашҭаҿы.

Ишьақәырӷәӷәоуп Ахәыҷқәа рыхьчара амш Аҟәа апрограмма

Ахәыҷқәа рыхьчара Амш адунеи зегьы аҿы иазгәарҭоит аԥхын раԥхьатәи амш азы 1950 шықәса раахыс. Иара амҩаԥгараз аӡбара рыдкылан 1949 шықәсазы Аҳәса Жәларбжьаратәи рдемократиатә федерациа асессиаҿы. ООН ари аԥшьгамҭа адгылара анаҭеит, ахәыҷқәа рзинқәа, рыԥсҭазаара, ргәабзиара иара аусуразы еиҳа аԥыжәара змоу хырхарҭаны ирыланаҳәеит.