Арадио

Хьиба Очамчыра арԥшӡаразы аусурақәа рзы: аҿар рықалақь агәыбылра ркыр ҳҭахуп

Очамчыра инхо Рауль Хьиба арадио Sputnik аефир аҟны арубрика "Раионк аԥсҭазаараҟынтә" аҳәаақәа ирҭагӡаны еиҭеиҳәеит рықалақь арԥшӡаразы имҩаԥырго аусурақәа ртәы.
Sputnik
Хьиба Очамчыра арԥшӡаразы аусурақәа рзы: аҿар рықалақь агәыбылра ркыр ҳҭахуп

"Уажәшьҭа хәбаҟа шықәса ҵуеит ашьшьыҳәа агәылацәа иаҳзыҟаҵо ҳаҿуижьҭеи (арԥшӡаратә усқәа рзы - аред.). Згәы цыхцыхуа ақалақь азы, абзиара, аԥшӡара зҭаху ауаа ҳаицәажәан, амшын аԥшаҳәа арԥшӡара ҳалагеит, иахьагьы ҳаҿуп шаҟа ҳалшо ала. Адекоративтә ҵиаақәа реиҭаҳатәқәа ааҳхәеит, администрациагьы ҳацхрааит ишрылшоз. Ашәҭқәа рҭыԥ амшын ахықәаҿы иахьыҟоу 10 хкык аахәаны еиҭаҳҳаит. Ҳара агәылацәа ари аус ҳаналага, егьи амҩаду аҟны инхозгьы иаҳҿыԥшит. Ашәҭқәа рнаҩсгьы, егьырҭ аҵиаақәа еиҭаҳҳауеит, аҿар, аҳәса, ахацәа, ахәыҷқәа ҭаацәала зегьы ҳдәылҵуеит, маҷ-маҷ иҳалшо ҟаҳҵоит", - иҳәеит Хьиба.

Шәазыӡырҩы аудио.