Денис Царгәыш иааӡамҭацәа Европа Аԥхьахә аҟны актәи аҭыԥқәа ааба ааныркалеит

Урыстәыла зҽаԥсазтәыз аспорт азҟаза, "Ахьӡ-аԥша" аорден аҩбатәи аҩаӡара занашьоу Денис Царгәыш зых иақәиҭу ақәԥаразы Урыстәылатәи ақәыԥшцәа ркоманда азыҟаиҵоит.
Sputnik

АҞӘА, лаҵара 30 - Sputnik. Денис Царгәыш напхгара зиҭо зых иақәиҭу ақәԥаразы Урыстәылатәи ақәыԥшцәа ркоманда Европа Аԥхьахә U-15 аҟны актәи аҭыԥқәа ааба ааныркалеит, абри атәы аанацҳауеит Аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә еилакы.

Денис Царгәыш Аԥсны зхы иақәиҭу аиқәԥара афедерациа ахадас далхуп

Ачемпионат мҩаԥысуан лаҵара 27-30 рзы, Софиа. Иааидкыланы Урыстәылатәи аспортсменцәа иранашьахеит 12 аԥхьахә ҭыԥқәа, ахьтәы медалқәа рнаҩсан иаиааит ҩба-араӡны, ҩба- аџьаз медалқәа.

Аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭеилакы ахантәаҩы Џьамал Гәыбаз Денис Царгәыш иааӡамҭацәа реихьӡарақәа идиныҳәалеит.

Денис Царгәыш – 2012 шықәсазтәи Аолимпиатә хәмаррақәа рҟны араӡны медал игеит, хынтә адунеи дачемпионхахьеит (2009, 2010, 2014), хынтә Европа ачемпионс дҟалахьеит (2010, 2011, 2012), хәынтә Урыстәыла ачемпионс дҟалеит (2006, 2009, 2010, 2012, 2014), Урыстәыла зҽаԥсазтәыз аспорт азҟаза ҳәа ахьӡ ихуп.