Урыстәыла ААР аҟны ирҳәеит аҳәаанырцә тәылауаҩшәҟәқәа аиуразы иҟоу аԥҟарақәа

Лаҵарамза 30 инаркны административтә аамҭаԥҵәа урыстәылатәи аҳәаанырцә тәылауаҩшәҟәқәа аиуразы аԥҟарақәа азинмч аиуеит.
Sputnik

АҞӘА, лаҵара 30 – Sputnik. Урыстәыла анҭыҵ аҳәаанырцә тәылауаҩшәҟәқәа аиуразы иҟаз аԥҟарақәа шыҟац иҟоуп. Уаанӡеиԥш ашәҟәқәа аиура алшоит аҳәаанырцә иҟоу Урыстәыла Аконсултә ҟәшақәеи Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аофициалтә хаҭарнакрақәеи рҿы, аанацҳауеит РИА Новости Урыстәыла ААР аацҳамҭа шьаҭас иганы.

Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәарҭа атәылауаҩшәҟәқәа рыҭара хацнаркуеит

Уи аԥхьа АИХқәак рҟны ицәырҵит аинформациа, уажәшьҭа урыстәылауаа аҳәаанырцә тәылауаҩшәҟәқәа Урыстәыла аҵакыраҿы ада арыҭара азин ыҟам ҳәа. Ари аинформациа аҿаԥылҽит  Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аофициалтә хаҭарнак Мариа Захарова.

"Уаанӡеиԥш аҳәаанырцә тәылауаҩшәҟәқәа аҳәаанырцә иҟоу Урыстәыла Аконсултә ҟәшақәеи Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аофициалтә хаҭарнакрақәеи рҿы аиура рылшоит урыстәылауаа", - аҳәоит Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аофициалтә саит аҟны икьыԥхьу аацҳамҭа.

Урыстәыла ААР аҟны иазгәарҭеит лаҵарамза 30 инаркны азинмч зауа административтә аамҭаԥҵәа урыстәылатәи аҳәаанырцә тәылауаҩшәҟәқәа аиуразы аԥҟарақәа аҳәаанырцә иҟоу Аконсултә ҟәшақәеи Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аофициалтә хаҭарнакрақәеи рыҵанакӡом ҳәа.