Аԥсны акоронавирус зыдбалаз хҩык ачымазцәа рыԥсҭазаара иалҵит

Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 рылоу ирыламу аилкааразы 217-ҩык атестқәа рзыҟаҵан, урҭ рахьтә 17-ҩык рцәа акоронавирус шалаз аадырԥшит.
Sputnik

АҞӘА, лаҵара 31 – Sputnik. Акоронавирус ззышьақәырӷәӷәаз хҩык апациентцәа рыԥсҭазаара иалҵит, абри атәы аанацҳауеит Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.

Лаҵара 29 рзы Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭаҿы лыԥсҭазаара далҵит 1951 шықәсазы ииз апациентка, лаҵара 30 рзы 71 шықәса зхыҵуаз аԥҳәыс лдунеи лыԥсахит, рҩыџьагьы ирзықәыргылан адиагноз акоронавирустә инфекциа ҿыц. Лаҵара 30 рзы Аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭаҿы лыԥсҭазаара далҵит 1962 шықәсазы ииз апациентка.

Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 30-ҩык, урҭ рахьтә 30-ҩык акоронавирус адиагноз рзышьақәыргылоуп, рҭагылазаашьа бааԥсуп 12-ҩык, ибжьаратәуп - 18-ҩык.

Аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭаҿы ирхәышәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 33-ҩык апациентцәа, урҭ рахьтә 10-ҩык рҭагылазаашьа уадаҩуп. Очамчыра ирхәышәтәуеит 14-ҩык, Гагратәи ахәышәтәырҭаҿы - 9-ҩык, Тҟәарчалтәи ахәышәтәырҭаҿы - ааҩык апациентцәа.

Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 15331-ҩык ыҟоуп, ргәы бзиахеит 14693-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 233-ҩык.

Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>