Аԥсны рыҭара иалагоит амашьынарныҟәцараз аршаҳаҭга ҿыцқәа

1936 шықәса ԥхынгәы 3 азы СССР жәлар ркомиссарцәа Рсовет ақәҵарала иаԥҵан Аҳәынҭқарратә автоинспекциа.
Sputnik

АҞӘА, рашәара 1 – Sputnik, Бадри Есиава. 2021 шықәса ԥхынгәымза инаркны Аԥсны рыҭара иалагоит амашьынарныҟәцараз аршаҳаҭга ҿыцқәа. Абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит ареспублика автоинспекциа аиҳабы Баҭал Агрба.

"Амашьынарныҟәцараз аршаҳаҭга ҿыцқәа рыҭара азыԥхьагәаҭоуп Аԥсны Аҳәынҭавтоинспекциа аԥҵара 85-шықәса ахыҵра амш – ԥхынгәы 3 азы", - иҳәеит иара.

Аԥсны ААР аҿы ишырҳәахьаз ала аршаҳаҭгақәа адәныҟаиԥш аҩныҵҟагьы рҽырыԥсахит, амҩатә ныҟәаразы Жәларбжьаратәи аконвенциа аҭахрақәа ирықәшәо иҟоуп.

Атәым автомашьына арныҟәаразы агәраргагақәа аԥырхит Аԥсны

"2019 шықәса цәыббра 23 азы Аминистрцәа реилазаара иаднакылаз ақәҵарала ишьақәырӷәӷәоуп абланк ҿыцқәа ID-хсаалага аформат ала. Иара аус еицадыруылеит Аԥсны ААРи Москватәи ЗАО "Первый печатный двори". Ԥхьаҟагьы иахәҭаны иҟоу ахьчарала еиҿкаау, зхаҭабзиара ҳараку аалыҵ уантәи иааргалоит", - рҳәеит аминистрраҿы.

Апроект анагӡаразы аҳәынҭқарра харџь амаӡам, Аԥсны ААР аҿы иҟоу амыругақәа рхархәарала иахьҭыжьу азы ҳәа рҳәеит аусбарҭаҿы.