Габлиа: арҵаҩы еиԥш ахәыҷы иҭагылазаашьа збо аӡәгьы дыҟамзар ҟалап
© Sputnik
"Ахәыҷқәа ацхыраареи ахылаԥшреи рҭахуп адуцәа рҟынтәи, уи ауп изаԥҵазгьы ари амш. Аиҳабацәа аҭакԥхықәра рымоуп, избанзар, ахәыҷы ихаҭа ихы изыхьчаӡом. Иҟалоит ахәыҷы изымдырӡакәа ак ихы иналаигало. Уажәтәи аамҭа убас ишьақәгылеит ахәыҷы иҭаацәа рҟынтәи духьчар анахәҭогьы. Ахәыҷы иааӡара знапы алаку аҭакԥхықәра ҷыда рыдуп, раԥхьа иргыланы арҵаҩцәа, избанзар, дара реиԥш ахәыҷы иҭагылазаашьа збо аӡәгьы дыҟамзар ҟалап. Арҵаҩцәа дара инарго амаҭәар мацара адагьы ирбоит ахәыҷы иҭагылазаашьа, игәалаҟазаара, акы даргәамҵуама, игәы инархьуама", - еиҭеиҳәеит Габлиа.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәызыӡырҩыр шәылшоит аудио аҿы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- Кәарҷиаԥҳаи Ҭаркьылԥҳаи еиҭарҳәеит ашкол ахь ицо ахәыҷқәа аҵара иахьынӡазыҟаҵоу
Ҷолокәаԥҳа еиҭалҳәеит шаҟаҩы иахьазы медалла Аԥсны ашколқәа ирылго атәы