Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Ҷолокәуаԥҳа еиҭалҳәеит шаҟаҩы иахьазы медалла Аԥсны ашколқәа ирылго атәы

© Foto / предоставила Астанда ЧолокуаАстанда Чолокуа
Астанда Чолокуа - Sputnik Аҧсны, 1920, 31.05.2021
Анапаҵаҩра
Хьтәы медалла ашкол аҟны зҵара хзыркәшо рхыԥхьаӡара иахьазы шаҟаҩы ыҟоу, Аԥсны аҵареи абызшәатә политикеи рминистрраҟны имҩаԥгаз агәаҭаратә ԥышәарақәа рылҵшәақәа зеиԥшроу атәы арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит аминистрра ахаҭарнак Асҭанда Ҷолокәуаԥҳа.
Ҷолокәаԥҳа еиҭалҳәеит шаҟаҩы иахьазы медалла Аԥсны ашколқәа ирылго

"Есышықәса еиԥш сынтәагьы ашколқәа ибзианы ирылго ахәыҷқәа, амедалқәа рышьҭазааҩцәа ыҟоуп. Сынтәа урҭ 18-ҩык ҳадыргалеит…Агәаҭаратә ԥышәарақәа ирхысуеит ахатәы бызшәеи, алгебреи, Аԥсны аҭоурыхи рыла… Аԥсуа школқәа рҟынтәи иҟан жәаҩык аҵаҩцәа, аурыс школқәа рҟынтәи ааҩык. Иҵегьы еиӷьзар ҟалон ахатәы бызшәазы аԥышәара алҵшәақәа. Ҳгәы ҳнархьит, аха жәаҩык рҟынтәи ҩыџьа роуп аԥсуа бызшәазы аԥышәара ззаҭаз. Аматематика амаҭәар анарҭа ашьҭахь жәҩык аанхеит, Аԥсны аҭоурых урҭ зегьы ибзианы иарҭеит. Иахьазы амедал зауа ҳәа 9-ҩык рхыԥхьаӡара ыҟоуп. Уажәы иаанханы иҳамоу ахьтәы медалқәа рышьҭазааҩцәа роуп зегьы. Дара шьҭа рышколқәа рҟны ирҭиуа аԥышәарақәа раан ахәшьара бзиаӡақәа роуроуп. Уажәтәи (аминистрраҟны имҩаԥгаз агәаҭаратә ԥышәарақәа рзы-азгәаҭа) агәаҭарақәа раан ԥшьба ҳәа ирыҩыргьы рымҩа аартын, уажәшьҭа рԥышәарақәа хәба ҳәа иарҭароуп ашкол хьтәы медалла иалгарц азы", - азгәалҭеит Ҷолокәуаԥҳа.

Шәазыӡырҩы аудио.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0