Арадио

Кәарҷиаԥҳаи Ҭаркьылԥҳаи еиҭарҳәеит ашкол ахь ицо ахәыҷқәа аҵара иахьынӡазыҟаҵоу

Аҟәа ақалақь ахадара Аҵара аусбарҭа аспециалист хада Аза Кәарҷиаԥҳаи Аҟәатәи ахәбатәи ашкол аиҵбыратә классқәа рырҵаҩы Залита Ҭаркьылԥҳаи арадио Sputnik аефир аҟны иалацәажәеит ахәыҷбаҳча аҟынтә ашкол ахь инеиуа ахәыҷқәа, аҵаратә процесс иахьынӡазыҟаҵоу атәы.
Sputnik
Кәарҷиаԥҳаи Ҭаркьылԥҳаи еиҭарҳәеит ашкол ахь ицо ахәыҷқәа аҵара иахьынӡазыҟаҵоу

Мышқәак раԥхьа аҳҭнықалақь ахәыҷбаҳчақәа рҿы Аҟәа ақалакь аҵараусбарҭа аспециалистцәа агәаҭаратә уснагӡатәқәа мҩаԥыргеит, ахәыҷбаҳчақәа роушьҭымҭацәа ашкол ахь ацара иахьынӡазыҟаҵоу аилкааразы.

Аҿкычымазара иахҟьаны бжьымз иназынаԥшуа ахәыҷбаҳчақәа русура еиԥҟьан, уи ахәыҷқәа разыҟаҵара ишаныԥшыз, ари аҭыгалазаашьа ааӡаҩцәа иахьынӡаиааиз, ашкол ахь инеиуа ахәыҷқәа аҵаратә процесс алахәра иахьынӡазыҟаҵоу, ахатәы бызшәа адырра аҩаӡара зеиԥшроу, аҵаратә методика аамҭа иабанӡақәшәо, ахәыҷқәа иахьынӡашьҭыркаауа уҳәа азҵаарақәа ирылацәажәан арадио Sputnik аҟны.

Инеиҵыху аиҿцәажәара аудиофаил аҟны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: