Арадио

Лагәлаа: схәыҷра сышәҟәыҩҩра зегьы иагәылганы иаазгоит

Лаҵарамза 1 азы 60 шықәса ихыҵра азгәеиҭоит апоет, апрозаик, апублицист, аиҭагаҩ, ажурнал "Алашара" аредактор хада, Аԥсны акультура зҽаԥсазтәыз аусзуҩы Анатоли Лагәлаа. Ииубилеитә мшыҽны апоет арадио Sputnik аефир аҿы дырзааҭгылеит иԥсҭазаареи ирҿиаратә мҩеи.
Sputnik
Лагәлаа: схәыҷра сышәҟәыҩҩра зегьы иагәылганы иаазгоит

"Ахәыҷқәеи сареи ҳаидҳәалоуп, сымш ииреи дара рымши иақәшәеит, ҩбагьы – ахәыҷқәа ирызку ажәабжьқәеи ажәеинраалақәеи саныҷкәыныз аахыс исыҩуеит, акырынтә ажурналқәа ирнылахьеит, ишәҟәныгьы иҭыҵхьеит. Схәыҷра сышәҟәыҩҩра зегьы иагәылганы иаазгоит. Иахьагьы аԥсуа театр аҿы ахәыҷқәа рзы ажәеинралаақәа срыԥхьоит. Аҩра салагеит ԥшь-класск рҿы сантәаз, афбатәи акласс аҿы саннеи, агазеҭ "Аԥсны ҟаԥшь" раԥхьатәи сажәеинраала анылеит, нас, ажәбатәи аҿы саннеи ажурнал "Алашара", "Амцабз" уҳәа сажәеинралаақәа ркьыԥхьра иалагеит", -  еиҭеиҳәеит Лагәлаа.

Аиубилиар иҳәеит аԥсуа лирика иахьа 30-тәи 40-тәи ашықәсқәа раан ишыҟаз еиԥш акәымкәа аҳәаақәа ишырҭыҵыз, адунеитә ҳәаақәа рахь ишыиасыз.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәызыӡырҩыр шәылшоит аудио аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: