Урыстәылатәи аруаа аԥхынтә ҽазыҟаҵарақәа ирылагеит

Аҽазыҟаҵарақәа ирылагеит Аԥсны, Краснодартәи атәылаҿацә, Астрахантәии Волгоградтәии аобластқәа рҿы иҟоу аполигонқәа рҟны.
Sputnik

АҞӘА, рашәара 1 - Sputnik. Аԥсны иҟоу Урыстәыла арратә база аррамаҵзурауаа аԥхынтә ҵара-ҽазыҟаҵарақәа ирылагеит. Абри атәы аанацҳауеит аокруг апресс-маҵзура.

Азеиԥш ари арҟәшаҷыдақәеи рҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыслоит иҿыцу апрограммала.

Аруаа аҽазыҟаҵарақәа рышьҭахь аполигонқәа дрыцқьоит

Абаза аррамаҵзурауаа зқьы инарзынаԥшуа ҽазыҟаҵара мҩаԥыргараны иҟоуп ахысразы адгьылтәии амшынтәии хықәкқәа рықәыршәаразы атанкқәа Т-72Б3, ареактивтә системақәа "Град", артиллериатә шьақәгылақәа, 120-мм згәыцә ыҟоу аминометқәа, 122-мм згәыцә ыҟоу агаубицақәа Д-30 рыла.

Иазыԥхьагәаҭоуп миллионк рҟынӡа еиуеиԥшым аџьаԥҳаны ахархәара, 100 тоннак рҟынӡа абылтәы-хьшьтәы материал аныхра. Аҵаратә процесс иалахәхоит аамҭак ала зықь ак арратә техника.

Аруаа иара убасгьы инарыгӡоит анормативқәа атактикатә, аныҟәаратә, анџьныртә, ахысратә зыҟаҵаразы.

50% зыҟаҵара мҩаԥгахоит уахынла ма алаԥшҳәаабара аныԥку аамҭазы.

Арратә машьынарныҟәцаҩцәа, амеханик-ныҟәцаҩцәа акәылӡтехникеи арратә еидарамҩангагақәеи еиуеиԥшым амҩақәа ирхысуеит.

Аҽазыҟаҵарақәа рхырхарҭа хадахьы иаҵанакуеит аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа рхархәара.