Урыстәылеи Аԥсни рыруаа авиртуалтә ҵакыраҿы аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргоит

Ҳаамҭазтәи аелектронтә тренажиорқәа рыцхыраарала абаза аруаа ироуеит алшара аџьаԥҳани абылтәы-хьшьтәы материали нымхыкәа аҵареи аҽазыҟаҵареи рымҩаԥгара.
Sputnik

АҞӘА, лаҵара 1 - Sputnik. Урыстәылеи Аԥсни рыруаа авиртуалтә ҵакыраҿы аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥырго иалагоит акомпиутортә тренажиорқәа рыла ҳәа аанацҳауеит Аладатәи арратә округ апресс-маҵзура.

Урыстәылатәи аруаа аԥхынтә ҽазыҟаҵарақәа ирылагеит

Аҽазыҟаҵарақәа раан ахархәара рыҭахоит 30 хкы аелектронтә тренажиорқәа, атанкқәа Т-72Б3, агранатаршәгақәа РПГ-7, азенит ракетатә комплексқәа "Игла", автоматқәа АК-74 рзы.

Атренажиорқәа рыпрограмматә еиқәыршәара еиуеиԥшым аҭагылазаашьақәа аадырԥшуеит – ашықәс аамҭа, уахынла ма ҽынла, аҳауатә ҭагылазаашьа, аҭыԥ агеографиатәии аҳауатәии ҟазшьа.

Аусбарҭа адырраҭараҿы иазгәаҭоуп планла аԥхынраамҭа иалагӡаны абаза аруаа зқьи хәышәҩык рҟынӡа шазыҟаҵахо.