Ашықәс нҵәаанӡа Аинвестпрограммала Гәдоуҭа амҩақәа хәба ҟаҵахоит

Гәдоуҭа ақалақь амҩақәа хәба акаҭран рықәҵара иазоужьхоит 30 миллион мааҭ Аинвестпрограмма аҟынтәи.
Sputnik

АҞӘА, рашәара 2 - Sputnik, Бадри Есиава. Ашықәс нҵәаанӡа Аинвестпрограммала Гәдоуҭа амҩақәа хәба ҟаҵахоит ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит "Амҩаргыларатә комбинат" адиректор хада Георги Мелаӡе.

Цәыббрамзанӡа Аҟәа амҩақәа хԥа акаҭран рықәҵахоит

"Аԥсны акапиталтә ргылареи ҳареи аилаӡара ҳабжьоуп 2021 шықәса аҩнуҵҟа Гәдоуҭа ақалақь аҿы амҩақәа хәба – Еисктәи амҩа (3,5 нызқь метр ԥшьыркца), Лакоба имҩа (7 нызқь метр ԥшьыркца), Ҳаразиа имҩа (8,7 нызқь метр ԥшьыркца), Чачба имҩа (7 нызқь метр ԥшьыркца), Гобечиа имҩа (9 нызқь метр ԥшьыркца)", - иҳәеит Мелаӡе.

Иара иҳәеит арҭ амҩақәа зегьы акаҭран ҿыцны ишрықәырҵо, Чачба имҩаҿи Гобечиа имҩаҿи аҽазыҟаҵаратә усурақәа ишрылагахьоу.

Гәдоуҭа ақалақь амҩақәа хәба Аинвестпрограмма аҟынтәи акаҭран рықәҵара иазоужьхоит 30 миллион мааҭ.

Мелаӡе иара убасгьы иҳәеит Аҷандара ақыҭахьтәи амҩа аремонт ишацҵахо. Аусурақәа ирылаган 2020 шықәсазы. Рхыркәшара азыԥхьагәаҭоуп аԥхынра анҵәамҭаз. Апроект асметатә хәыԥса - 18 миллион мааҭ.