Аԥсны 25-ҩык рцәа акоронавирус шалаз аадырԥшит

Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 15385-ҩык ыҟоуп, ргәы бзиахеит 14772-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 234-ҩык.
Sputnik

АҞӘА, рашәара 2 – Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 рылоу ирыламу аилкааразы 203-ҩык атестқәа рзыҟаҵан, урҭ рахьтә 25-ҩык рцәа акоронавирус шалаз аадырԥшит, абри атәы аанацҳауеит Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.

Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 32-ҩык, урҭ рахьтә 31-ҩык акоронавирус адиагноз рзышьақәыргылоуп, рҭагылазаашьа бааԥсуп 14-ҩык, ибжьаратәуп - 18-ҩык.

Аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭаҿы ирхәышәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 35-ҩык апациентцәа, урҭ рахьтә быжьҩык рҭагылазаашьа уадаҩуп. Очамчыра ирхәышәтәуеит 13-ҩык, Гагратәи ахәышәтәырҭаҿы - фҩык, Тҟәарчалтәи ахәышәтәырҭаҿы - ааҩык апациентцәа.

Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>