Арадио

Воуԥҳа Аҟәа ақалақь аҿы COVID-19 аҟынтә алаҵа аҟаҵаразы: мызкы ԥхьаҟа асиа шьақәыргылоуп

Аҟәа ақалақь ахадара агәабзиарахьчара аусбарҭа аиҳабы Ирма Воуԥҳа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит ақалақь аҩнуҵҟа COVID-19 аҟынтә алаҵа аҟаҵара аус шымҩаԥысуа атәы.
Sputnik

Лаҵарамза 12 раахыс ақалақь аҩнуҵаҟа зықьҩык инареиҳаны алаҵа рзыҟаҵоуп, иахьа актәи аполиклиникаҿы иалагеит алаҵаҟаҵара аҩбатәи аетап, ҳәа азгәалҭеит Воуԥҳа арадиоефир аҿы.

Воуԥҳа Аҟәа ақалақь аҿы COVID-19 аҟынтә алаҵа аҟаҵаразы: мызкы ԥхьаҟа асиа шьақәыргылоуп

"Раԥхьа ҳаналагоз дҵас иҳаман алаҵа аҳақьымцәа рзыҟаҵара, иара убас аҳәынҭқарратә усбарҭақәа рҿы аус зуа. Аԥхьа алаҵаҟаҵара иалагеит актәи аполиклиника, анаҩс, мчыбжьык ашьҭахь, Синоп иаартын апункт. Ауааԥсырагьы рзыҟаҵара ҳалагеит иаразнак, амедицинатә усзуҩцәагьы уахь иналаҵаны. Раԥхьа ауаа шәон алаҵа аҟаҵара, избанзар анаҩс иҟалоз рыздыруамызт, аха уажәшьҭа ирацәаны аинформациа роуа иалагеит. Даара ирацәаҩны рҽазыркит алаҵа аҟаҵара. Авакцина анааҳга азныказ иааиуаз ауаа маҷын, ирцәыцәгьан, аха уажәы даара ибзианы рҽанҵара иаҿуп, мызкы ԥхьаҟа асиа шьақәыргыланы иҳамоуп. Даара ибзианы имҩаԥысуеит иахьала алаҵаҟаҵара", - ҳәа еиҭалҳәеит Воуԥҳа.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудио аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: