Арадио

Абыхәԥҳа "Ахаақәа рныҳәа" лалахәразы: сақәгәыӷуамызт снапкымҭа ас ахә ҳаракны иршьоит ҳәа

Аицлабра "Ахаа-мыхаақәа рныҳәа" иалахәыз, аноминациа "Иреиӷьу мрагыларатәи ахаа" аҟны аиааира згаз Адица Абыхәԥҳа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит ачысхаақәа рыҟаҵара даҿуижьҭеи шаҟа аамҭа ҵуа, аицлабра лалахәра шыҟалаз.
Sputnik

Рашәарамза 1 азы Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата ақьафурҭа "Ерцахә" аҟны имҩаԥнагеит уажәшьҭа традициак иаҩызахаз VII ареспубликатә ачысҟаҵаратә ҟазара аицлабра "Ахаамыхаақәа рныҳәа". Аицлабра шьақәгылан 10 номинациак рыла. Уи иалахәын 25-ҩык ачысҟаҵаҩцәа.

Абыхәԥҳа "Ахаақәа рныҳәа" лалахәразы: сақәгәыӷуамызт снапкымҭа ас ахә ҳаракны иршьоит ҳәа

"Хышықәса ҵуеит снапы алакуижьҭеи (ачысхаақәа рыҟаҵара - азгәаҭа). Ажәа ҟәандақәа сзырыҩуеит, ачыс зго зегьы иргәаԥхоит уамакала. Аиаша сҳәап, сақәгәыӷуамызт снапкымҭа ас ахә ҳаракны иршьоит ҳәа. Сара сзы уи гәахәа дууп. Иҭабуп ҳәа расҳәоит ас еиԥш иссиру аныҳәа еиҿызкааз", - лҳәеит Абыхәԥҳа.

Иаҳа инеиҵыхны аиҿцәажәара аудиофаил аҟны.