Аԥхынра иалагӡаны урыстәылатәи аррамаҵзурауаа шәкы рҟынӡа ҽазыҟаҵара мҩаԥыргоит

Аԥсны иҟоу урыстәылатәи Аладатәи арратә округ аррамаҵзурауаа аԥхынтәи аҽазыҟаҵарақәа ирылагеит.
Sputnik

АҞӘА, рашәара 3 - Sputnik. Аԥсны иҟоу Урыстәыла Аладатәи арратә округ аррамаҵзурауаа шәкы рҟынӡа ҽазыҟаҵара мҩаԥыргараны иҟоуп ҳәа аанацҳауеит аокруг апресс-маҵзура.

Урыстәылатәи аруаа аԥхынтә ҽазыҟаҵарақәа ирылагеит

Аҽазыҟаҵарақәа реиҳарак мҩаԥгахоит ашьхараҿи уахынлатәи аамҭази. Абаза амотохысратә ҟәша аруаа 2,5 мзы рҟынӡа аҽазыҟаҵарақәа рҿы ирхыргоит.

Абаҩырҵәыраҽазыҟаҵарақәа реиҳарак мҩаԥыргоит аҵара-ҽазыҟаҵаратә комплексқәа рҿы Амшын еиқәа акваториа иаԥну 750 метр ԥшьыркца зҵазкуа аҭыԥқәа рҿы. Араҟа дара армаҭәа рышәны, абџьар кны аӡсара иахрыжьуеит. Аамҭак ала шәҩык рҽазыҟаҵара мҩаԥгахар ауеит.

Аԥхынтә ҵара-ҽазыҟаҵарақәа рхырхарҭа хадахьы иаҵанакуеит аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа рхархәара. Зынӡа ахархәара рыҭоуп зқьы рҟынӡа ак арратә техника.