Арадио

Атәылауаҩи аиҳабыреи: Кәыҵниа аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрра аԥхынтәи аусура иазкны

Атуристтә ныҟәарақәа ирыдҳәалоу аԥҟарақәа рырџьбарара, ашьхараҟны иӡыз атурист иԥшаара, амшынҭаларатә сезон ахацыркра ҳтәылаҟны иахьынӡазыҟаҵоу уҳәа еиуеиԥшым азҵаарақәа дрылацәажәеит арадио Sputnik аефир аҟны Аԥсны аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистр Лев Кәыҵниа.
Sputnik
Атәылауаҩи аиҳабыреи: Кәыҵниа аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрра аԥхынтәи аусура иазкны

Аԥсны аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистр Лев Кәыҵниа иҳәеит Аԥсны ашьхараҟны лаҵарамзазы иӡыз аурыс атурист иԥшааразы ҩаԥхьа агәыԥ амҩа ишықәло, уи иалало, дазааҭгылеит аԥшаарақәа раан авертолиот сааҭктәи аусура шаҟа абылтәы аҭаху, ишхымԥадатәиу атуристтә маршрутқәа ашьхараҟны аус рыдулара, убасгьы дазааҭгылеит сынтәа амшынҭаларатә сезон араионқәа рхадарақәа ахьынӡазыҟаҵоу атәы.

Шәазыӡырҩы аудиофаил.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: