Рашәара 4 рзы Аҟәа ахәҭак лашарада иаанхоит

Ахәаша рашәара 4 рзы аҳҭнықалақь аҟны ҩ-станциа маҷк аанкылахоит аремонттә усурақәа рымҩаԥгаразы.
Sputnik

АҞӘА, рашәара 3 - Sputnik. Рашәара 4 рзы Аҟәа ахәҭак лашарада иаанхоит аремонттә усурақәа рымҩаԥгаразы ҳәа аанацҳауеит АУН "Амшынеиқәафымцамч" Facebook аҿтәи адаҟьаҿы.

Асааҭ 05:00 - 07:00 рзы ирцәахоит астанциа маҷ "Аҟәа-1".

Асааҭ 10:00 - 17:00 рзы ирцәахоит астанциа маҷ "Баслаҭ".