Шьамтәыла ахада Башар Асад алаҵа "Спутник V" ҟаиҵеит

Шьамтәылатәи Арабтә Республика аҵанакуеит урыстәылатәи алаҵа "Спутник V" зхы иазырхәо атәылақәа 60 рахь.
Sputnik

АҞӘА, рашәара 3 - Sputnik. Шьамтәылатәи Арабтә Республика ахада Башар Асад COVID-19 иаҿагылоу урыстәылатәи алаҵа "Спутник V" ҟаиҵеит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости. Абри атәы иҳәеит Урыстәыла иҟоу Шьамтәыла ацҳаражәҳәаҩ Рииад Хаддад Санкт-Петербург имҩаԥысуа жәларбжьаратәи афорум аҿы.

"Ааи, алаҵа ҟаиҵеит", - ҳәа ажурналистцәа рҭак ҟаиҵеит ацҳаражәҳәаҩ.

Иара еиҭеиҳәеит Шьамтәыла уажәы ишымҩаԥысуа акоронавирустә инфекциаҟынтә алаҵа "Спутник V" аҟаҵара.

Петербургтәи жәларбжьаратәи аекономикатә форум мҩаԥысуеит рашәара 2-5 рзы латәаратәи аформат ала.