АҶА аусзуҩцәа асасааирҭаҿ амцарцәареи ауаа реиқәырхареи рзы аҽазыҟаҵара мҩаԥыргеит

Аҽазыҟаҵарақәа ирылахәын Аҟәа ақалақьи Аҟәа араиони аԥшаара-еиқәырхаратә отриад аилазаара, ахархәара рыҭан атехника ҷыдақәа ааба.
Sputnik

АҞӘА, рашәара 4 - Sputnik. Аҟәатәи амцарцәаҩцәа асасааирҭаҿ амцарцәареи иҩназ ауааԥсыра реиқәырхареи рзы аҽазыҟаҵара мҩаԥыргеит ҳәа аанацҳауеит Аԥсны АҶА апресс-маҵзура.

Аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥган асасааирҭа "Интер-Сухум" иахьаҵанакуаз. Алегендала асасааирҭа абыжьбатәи аихагылаҿы амцакра ҟалеит, иҩназ ауаа рыԥсҭазаара ашәарҭара иҭагылеит. Ауаа дәылганы амца  ырцәатәын.

Амцарцәаҩцәеи аиқәырхацәеи рус еиқәыршәаны имҩаԥыргар акәын, ақалақь агәаҿы иҟоу асасааирҭа ауаа дәылганы амедицинатә цхыраара рыҭатәын.

 

Аҽазыҟаҵарақәа ирылахәын Аҟәа ақалақьи Аҟәа араиони рыԥшаара-еиқәырхаратә отриад 60-ҩык аилазаара, ахархәара рыҭан атехника ҷыдақәа ааба.

Аԥсны АҶА аминистр Лев Кәыҵниа ихәшьарала аҽазыҟаҵарақәа ҩаӡара ҳаракыла имҩаԥысит.