Аҟәа иаадыртит алаҵаҟаҵаразы ахԥатәи апункт

COVID-19 аҟынтәи урыстәылатәи алаҵа "Спутник V" ала алаҵаҟаҵара Аԥсны ихацдыркит лаҵара 11 азы.
Sputnik

АҞӘА, рашәара 4 - Sputnik. Аҟәатәи ақалақьтә клиникатә хәышәтәырҭаҿы иаадыртит ауааԥсыра алаҵа рзыҟаҵаразы апункт ҳәа аанацҳауеит аҳҭнықалақь ахадара асаит.

Алаҵаҟаҵаразы ашәҟәы аҽанҵара алшоит абри аҭел ала: +7 940 917 92 40.

Алаҵаҟаҵара мҩаԥысуеит аполиклиникақәа №1, №3 рҿы. Алаҵаҟаҵара аҩбатәи аетап иалагахьеит.

COVID-19 аҟынтәи урыстәылатәи алаҵа "Спутник V" ала алаҵаҟаҵара Аԥсны ихацдыркит лаҵара 11 азы.