Арадио

Атәылауаҩи аиҳабыреи: Нанба ашәахтәқәа рганахьала ауаа ирықәу ауал иазкны

Аԥсны ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистр Џьансыхә Нанба араионқәа аминистрра аҟәшақәа рҿы агәаҭарақәа мҩаԥигеит. Урҭ агәаҭарақәа рылҵшәақәа, аминистрра аплантә рбагақәа рынагӡашьа уҳәа азҵаарақәа дрылацәажәеит аминистр арадио Sputnik аефир аҟны.
Sputnik
Атәылауаҩи аиҳабыреи: Нанба ашәахтәқәа рганахьала ауаа ирықәу ауал иазкны

"…ауаҩы ашәахтә закәан еилеигозар, уи иахьа, уаҵәы акәымзар ҟалоит, ашәахтә инспектор наплакыцыԥхьаӡа дыузыргылом, аха аамҭа ааиуеит, шықәсык иҭагӡаны зегьынџьара ҳнеиуеит. Аилагарақәа ахьазгәаҳҭо азакәан иаҳнаҭаз амчала ауаҩы ихәҭоу дақәҳаршәоит. Ашәахтәқәа мшәакәа ауаҩы иҵәахыр, ашәахтә инспектор днеины уи цәыригар, ииҵәахыз аҟара ахараԥса иқәиҵар азин имоуп. Иҟоуп аилагарақәа ахараԥса ахьмаҷу аҟынтә, аха уигьы аамҭа иаҳнарбоит. Иҟалоит Жәлар реизара, аиҳабыра рахь ахараԥсақәа реизырҳаразы азҵаара ықәҳаргылар, аха иахьа иҳамоу азинқәа рылагьы ашәахтә закәан еилазго, иӷәӷәаны иныԥшыртә еиԥш ахараԥса иқәаҳҵыр ҟалоит", - иҳәеит Нанба.

Иара иазгәеиҭеит Аԥсны аибашьра ашьҭахьтәи ашықәсқәа рзы ашәахтә еизгақәа рыла аҳәынҭқарра аҿаԥхьа ауаа ирықәу ауал миллиард мааҭ рҟынӡа шыҟоу.

"Ара бзиарас иҟоу ари ахыԥхьаӡара иацлаӡом, аус адаҳулоит зегьы, егьырҭ аҳәынҭқарратә маҵзурақәагьы. Убри миллиард мааҭ рҟынӡа иҟоу ауал агхара иаҿуп", - иҳәеит Нанба.

Аминистр иажәақәа рыла ашәахтәқәа рзы ауал зқәу рганахьала 230 материал аӡбаратә уснагӡаҩцәа рмаҵзурахьы инарышьҭит, ԥарала уи 160 миллион мааҭ рҟынӡа артәоит.

Аиҿцәажәара зегьы шәаҳар шәҭахызар, шәазыӡырҩы аудиофаил.