Елҟан Ӷәазаа атлетика хьанҭазы арекорд шьақәыргыланы Урыстәыла дачемпионхеит

Рашәара 1 - 8 рзы Ханты-Мансииск имҩаԥысуеит ахацәеи аҳәсеи рыбжьара атлетика хьанҭазы Урыстәыла ачемпионат.
Sputnik

АҞӘА, рашәара 4 - Sputnik. Елҟан Ӷәазаа арекорд шьақәыргыланы Урыстәыла дачемпионхеит атлетика хьанҭазы ҳәа адырра ҟанаҵоит аҿари аспорти русқәа рзы Аԥсны Аҳәынҭеилакы.

Елҟан Ӷәазаа Казань аицлабрақәа рҿы аҩбатәи аҭыԥ ааникылеит

Елҟан Ӷәазаа 61 кьыла рҟынӡа зыкапан наӡо дрыцықәгылон. Иеихшьалатә рбага – зныҭрысла ашьҭыхраҿы 121 кг шьҭыхны арекорд шьақәиргылеит. Дагәҭасны ашьҭыхраҿы 138 кг шьҭихит.

Калдахәаратәи ашкол-интернат ааӡамҭа Елҟан Ӷәазаа Аолимпиатә резерв иатәу Казантәи аҵараиурҭаҿы аҵара иҵоит, Марат Мадиаров инапхгарала иҽазыҟаиҵоит.

Уаанӡа аспортсмен Калдахәаратәи ашкол-интернат атлетика хьанҭа асекциаҿы иҽазыҟаиҵон СССР аспорт азҟаза Иасон Кьахьба инапхгарала.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: