АҞӘА, рашәара 5 – Sputnik. Аԥсны Аӷба маҷқәа рзы аҳәынҭқарратә инспекциа Гагреи Гәдоуҭеи араионқәа рҿы, Пицунда, Аҟәа, Тамшь амшын аҟәареи амшын аҵеи дрыцқьеит ҳәа арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит аинспекциа аиҳабы Ҭенгиз Сабуа.
Иара иазгәеиҭеит аҳәынҭинспекциа иарыцқьар шакәу Гәылрыԥшьи Очамчыреи араионқәа, иара убас Цандрыԥшь аҳаблан амшын аҵа дрыцқьараны ишыҟоу. Аха уи макьана изалыршахом, избанзар амшцәгьақәа ирыхҟьаны амшынӡы хәашьуп, аӡхәыҵалаҩцәа аусурақәа рзымҩаԥгаӡом.
Амшын аҵа агәамсам аҭыгаразы аӡхәыҵалаҩцәа 20 метра раҟара инаскьоит. Сабуа излеиҳәаз ала, аҵантәи иҭыргоит ауаҩы дԥызҟар зылшо ишәарҭоу амаҭәарқәа. Еиҳа иссоу агәамсам ацәқәырԥақәа рхалагьы аҟәарахьы иқәрыжьуеит.
"Ҵыԥх автомашьынақәа рырныҟәагақәа инадыркны иҭаҳамгаз иҟоузеи, иҟан иҵегьы идууз амаҭәарқәа, урҭ напылагьы рҭыгара уадаҩын, иҟан арԥжәагақәа рыла амшын аҭаԥжәара анҳақәшәозгьы", - иҳәеит иара.
Аӷба маҷқәа рзы аҳәынҭқарратә инспекциа Аԥсны аус ауеит 2014 шықәса инаркны. Уа аус руеит ԥшьҩык аӡхәыҵалаҩцәа, аха даҽа ҩыџьа ыҟазар бзиан, амала агәаҳәара змоу маҷҩуп иҳәоит Сабуа.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Атәылауаҩи аиҳабыреи: Кәыҵниа аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрра аԥхынтәи аусура иазкны