"Ссахьақәа рыла саб Аԥсны исырбарц сҭахын": Ҳаҭиџье Зарданиаԥҳа лҭыхымҭақәа ирызкны

Ҭырқәтәыла, аԥсуа қыҭа Калдахәара (Балбалы) инхо ҳџьынџьуаҩ Ҳаҭиџье Зарданиаԥҳа дшыхәыҷызнатә асахьаҭыхра бзиа илбон. Лара ахаан Аԥсны шылымбацызгьы, лусумҭақәа рҟны уи аԥшӡара акәын иаалырԥшуаз. Ишԥаиуаз лхаҿы урҭ асахьақәа? Ари азҵаара аҭак анаҩстәи анҵамҭаҿы.
Sputnik

Саида Жьиԥҳа, Sputnik

Ҳаҭиџье Зарданиаԥҳа (Гәыџьгьарԥҳа) ԥсабарала илылоу аҟыбаҩ ҷыда атәы Ҭырқәтәыла иҟоу аԥсуа қыҭа Калдахәара иззымдыруа дыҟам. Аԥҳәызба дшыхәыҷызнатә асахьаҭыхра дазҟазан. Ҩажәа шықәса ирылагӡаны лнапы иҵҵхьоу аусумҭақәа узыԥхьаӡом. Ҳаҭиџье лажәақәа рыла, лсахьақәа рҿы лџьынџьдгьыл ахь илымоу абзиабара аалырԥшуеит.

"Ҳаб иҩны қьаԥҭамхарц": аиҳәшьцәа Уанаҿԥҳацәа рынхамҩа шеиҿыркааз

"Сара саб Авни ихьӡын. Уи хышықәса раԥхьа идунеи иԥсахит. Иара иԥсы ахьынӡаҭаз Аԥсны акәын хәыцырҭас имаз. Ҳқыҭаҟнытә аӡәы Аԥсны дцаны даар, уи дизцаны, иибаз, иаҳаз ҭиҵаауан. Аҩны данааилак, илабжышқәа хыҳәҳәала "ҳабдуцәа рыԥсадгьыл уамак ала иԥшӡазаап, амшын, ашәаԥыџьаԥ ула хнакуазаап", - ҳәа ражәақәа ҳзеиҭеиҳәон ҳаныхәыҷқәаз. Убасҟан сҟазараҿы раԥхьатәи ашьаҿақәа аныҟасҵоз аамҭазы, саб игәы ҟасҵарц, амшыни ашәаԥыџьаԥи рҭыхра салагеит, сара ссахьақәа рыла Аԥсны ибааит ҳәа сгәы иҭҳәаауа", -  азгәалҭоит Ҳаҭиџье.

Аԥҳәызба лнапы иҵыҵхьоу асахьаҭыхымҭақәа рацәаӡоуп. Урҭ реиҳарак лыуацәеи лҩызцәеи ҳамҭас ирзылшеит. Ҳаҭиџье илҳәеит иахьа Аԥсны аҭыԥ ԥшӡарақәа зну ажурналқәа лхы иархәаны, уаҟа иану асахьақәа лқьаад ахь ишыиалго.

"Саныхәыҷызнатә сзышьцылаз ахырхарҭа сзадҵӡом. Амшыни ашәаԥыџьаԥи шҭысхыц иҭысхуеит. Уи алагьы сџьынџьдгьыл ахь сгәаҵа иҭаҵәаху абзиабара аасырԥшуеит", - инаҵылшьит лара.

Ҳаҭиџье ҩыџьа аишьцәа лымоуп. Руаӡәы, Ҭанжьу, Аԥсныҟа даахьеит, ижәлантәқәа драбадырит. Убасҟан ауп ианидыр Гәыџьгьараа Аԥсны Зарданиаа ҳәа ишыҟоу.

"Ссахьақәа рыла саб Аԥсны исырбарц сҭахын": Ҳаҭиџье Зарданиаԥҳа лҭыхымҭақәа ирызкны

Аб иаамышьҭахь, Зарданиаа рыҩны аиҳабыс иахагылоу ран Нермин Кәыџԥҳа лоуп. Лара лыхшара есымша ирабжьылгоит Аԥсныҟа ихьаԥшларц. Лыԥшәма иблала иԥсадгьыл абара дахьымӡеит аҟнытә "шәара шәцароуп" ҳәа рабжьалгоит. Маӡалатәи ҳаицәажәараан илҳәеит Аԥснынтәи аҭацацәа шылҭху.

Ари аҭаацәараҿы акалашәа Аԥсны иазыҟоуп. Уи Авни Зарданиа (Гәыџьгьар) илаиҵаз абзиабара ауп изыбзоуроу.

Ҳаҭиџье сахьаҭыхҩык лаҳасабала лхы лымбозаргьы, зегь акоуп лџьынџьдгьыл ахь илымоу абзиабара зныԥшуа лусумҭақәа знымзар зны иӡырылгар лҭахуп. Алшара лоур, уи лаб игәалашәара иазылкуеит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: