Атәым дгьыл ахь ҳақәнаԥсеит: Ерсын Самеихәа иабдуцәа рҭоурых

© Foto / предоставила Саида Жиба Ерсын Самеихәа
Ерсын Самеихәа  - Sputnik Аҧсны, 1920, 16.05.2021
Анапаҵаҩра
Ҭырқәтәыла, Инегьиоль ақалақь аҟны инхо, 72 шықәса зхыҵуа ҳџьынџьуаҩ Ерсын Зуҳәҭу-иԥа Самеихәа (Асамаа) иабду иаб Османи, уи иашьцәа Гәыдреи Мусҭафеи, Осман иԥа Ҭалиби амҳаџьырраан Ҵабалынтәи Румелиаҟа иахнагеит. Урҭ ирлахьынҵахаз Ерсын Самеихәа иажәабжь аҿы.

Амҳаџьырра аамҭақәа раан Ҵабалынтәи ихҵәаз аԥсуаа даара ирацәаҩын. Урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟан Самеихәаа рҭаацәарагьы. 188 шықәса раԥхьа хҩык аишьцәа Османи, Мусҭафеи, Гәыдреи, Осман иԥа Ҭалиби Румелиаҟа иахнагеит. 12 шықәса атәым дгьыл аҟны акыр ауадаҩрақәа ириааины, ахацәа рхы рбон.

Саида Жьиԥҳа, Sputnik

Османтәи аимпериаҟны амаҵура дуқәа ныҟәызгоз аԥсуаа рхаҭарнакцәагьы шыҟаз анраҳа, аишьцәа Османи, Мусҭафеи, Гәыдреи Ҭырқәтәылаҟа иааит гәыӷрак рыманы, Аԥсны усгьы зегьы ндырҵәеит ҳәа уахь ихьамԥшкәа. Самеихәаа Инегьиоль ақалақь азааигәара, Мезыҭ ақыҭаҟны анхара иалагеит.

© Foto / предоставила Саида Жиба Ерсын Самеихәа
Атәым дгьыл ахь ҳақәнаԥсеит: Ерсын Самеихәа иабдуцәа рҭоурых - Sputnik Аҧсны, 1920, 16.05.2021
Ерсын Самеихәа

"Сеиҳабцәа рҟынтә исаҳахьан, Аԥсны, Ҵабал иаҵанакуаз Мазыҭҟәа ҳәа изышьҭаз ақыҭаҟнытә иқәҵыз роуп ҳәа сабдуцәа. Убри аҟнытә Ҭырқәтәыла нхарҭас ишьҭырхыз аҭыԥгьы уи еиԥшны иахьӡыртәит. Араҟа аамҭала аԥсуа ҭаацәарақәа 120 инареиҳаны инхон. Иуԥылоз ажәлақәа иреиуан Бгаа, Бганаа, Аграа, Ахәсаа, Мқьелиаа уҳәа. Аԥсуа қыҭақәа Аԥснытәиқәа акырӡа иреиԥшын, абнара аман", - иабдуцәа рынхарҭа далацәажәоит Ерсын Самеихәа.

Аишьцәа Ҭырқәтәылаҟа нхара ианаа, Осман иԥа Ҭалиб уажәшьҭа иқәра шәхьан. Хара имгакәа аҭаацәарагьы далалоит, арԥыс динасыԥхоит рқыҭа иатәыз аԥҳәызба Шьаҳа Бгааԥҳа. Дара ԥак дырхылҵит.

© Foto / предоставила Саида Жиба Ерсын Самеихәа
Атәым дгьыл ахь ҳақәнаԥсеит: Ерсын Самеихәа иабдуцәа рҭоурых - Sputnik Аҧсны, 1920, 16.05.2021
Ерсын Самеихәа

"Ҭалиб сара сабду иоуп. Иара 38 шықәса ракәын ихыҵуаз Османтәи аимпериа имҩаԥнагоз аибашьрақәа руак аҟны Чанаккале данҭахоз. Ирхыргаз арыцҳарақәа рзымхошәа шәҩыла аԥсуаа аҭырқәа идгьыл рыхьчар акәхеит. Усҟантәи атәыла анапхгара санду Шьаҳа лыԥшәма дҭахеит ҳәа ацхыраара лырҭон лыҷкәын иааӡараҿы. Лара аҟәырҟан ибзианы илдыруан, аныҳәарақәа раан илыԥхьалон, аҵаҩцәагьы лыдылкылон", - ажәабжь иациҵоит амаҭа.

Атәым дгьыл ахь инанагаз Осман иашьцәа руаӡәы Мусҭафа ҩыџьа аԥҳацәа ихшеит, егьи аиашьа Гәыдра дҭаацәарамызт.

Осман иҟынтә иахьа Ҭырқәтәыла Самеихәаа афбатәи рабиԥара еиҵагылеит (Осман – Ҭалиб – Зуҳәҭу – Ерсын – Савашь – Озер). Ерсын дазгәдууны иҳәоит уажәраанӡа аԥсуа шьа еиламгакәа ишааиуа. Ахатәы бызшәа акәзар, Ерсын иҭаацәараҟны иԥеи иԥҳаи ирҳәоит, аха амаҭацәа ирцәыуадаҩхеит.

© Foto / предоставила Саида Жиба Ерсын Самеихәа
Атәым дгьыл ахь ҳақәнаԥсеит: Ерсын Самеихәа иабдуцәа рҭоурых - Sputnik Аҧсны, 1920, 16.05.2021
Ерсын Самеихәа

"Атәым дгьыл аҟны даара иуадаҩуп ахатәы бызшәа аиқәырхара. Ҳара ҳхаан ақыҭа еиҳа ҳадҳәалан, уаҟа иҳазҳаит. Иҟан ажәытәуаа рахьтә аԥсшәа ада даҽа бызшәак ззымдыруазгьы. Иахьатәи ҳаамҭазы аҿар ақалақьқәа рахь еихеит, аҵара ашьҭахь аусура иалагеит, анаҩс уаҟа рынхара еиҿыркааит, ҳаҷкәынцәа аҭырқәа ҭыԥҳацәа аазгаз ҟалеит, ҳаӡӷабцәа аӡәырҩы аҭырқәцәа ирҭацацәахеит. Абарҭ амзызқәа ирхырҟьаны, Ҭырқәтәыла, аԥсуаа мацара роуп инхо ҳәа ҳазхыҽхәаауаз ақыҭақәагьы ҭацәуа иалагеит", - игәы иалоу далацәажәоит ҳџьынџьуаҩ.

Ерсын Самеихәа раԥхьаӡакәны Аԥсныҟа дааит ԥшьышықәса раԥхьа. Иара иҳәеит жәамш ирылагӡаны иҭоурыхтә дгьыл аҟны акырӡа дшеимдаз. Иахьагьы иԥсадгьыл гәакьа даналацәажәо, уи аԥшӡареи, аҳауа зҩыдеи, ауаа гәыразқәеи ибла ихгылоуп.

"Адунеи иалаԥсоу аԥсуаа рџьынџьдгьыл еиднакылар сҭахуп, рбызшәеи рлеишәеи еимадазар сҭахуп. Ҳара милаҭк аҳасабалагьы ҳхымҩаԥгашьа алоуп ҳшырдыруа. Анцәа сиҳәоит ҳаԥсуара мыӡырц. Ҳарҭ адуцәа аамҭа ҳацәцеит, аха абиԥара ҿа Аԥсныҟа ихынҳәыртә еиԥш агәаԥхара ҳазшаз ириҭааит", - иҳәоит абырг.

Ерсын иан д-Қапԥҳан, Наиле лыхьӡын. Зуҳәҭуи лареи ҩыџьа аҷкәынцәеи ҩыџьа аӡӷабцәеи рхылҵит.

Ерсын Самеихәеи иԥшәмаԥҳәыс Нурџьиҳа Кәаӡԥҳаи аԥеи аԥҳаи рааӡеит, урҭгьы ҭаацәароуп, анцәа ишиҳәара иҟоуп. Андуи абдуи ргәы рыладууп изызҳауа фҩык рмаҭацәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0