ААУ акомандеи "Атлантиси" ашьапылампыл азы Шәача ачемпионат аҿы еицыхәмарраны иҟоуп

Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет ашьапылампыласцәа ачемпионат иалахәхаразы Шәачаҟа ишьҭын Аԥсны Аҿари аспорти рзы Аҳәынҭқарратә еилакы адгыларала.
Sputnik

АҞӘА, рашәара 6 – Sputnik. Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет акомандеи ашьапылампылтә клуб "Атлантиси" ашьапылампыдлтә дәаҿы еиԥылараны иҟоуп амҽыша рашәара 6 рзы. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны Аҿари аспорти рзы Аҳәынҭқарратә еилакы.

Аԥсуа команда даҽа хәмаррак мҩаԥнагоит ашьапылампыл азы Шәача ачемпионат, аматч ҟалоит Адлер ақалақь абжьаратә школ №10 астадион аҿы асааҭ 17:00 рзы москватәи аамҭа инақәыршәаны.

ААУ азыҟаҵаҩ хада - Ҭамаз Бжьаниа, ицхырааҩ - Иван Афендопуло, амбахьчаҩцәа разыҟаҵаҩ - Алексеи Иваненко.