Аҟәа ахәҭак ӡыда иаанхоит рашәара 7 рзы

Аремонттә усурақәа мҩаԥгахоит Кьалашәыр аӡиас иахьаҵанакуа аӡымҩангага ахьԥжәаз аҭыԥ аҟны.
Sputnik

АҞӘА, рашәара 6 - Sputnik. Аҟәа араионқәак ӡыда иаанхоит ашәахьа рашәара 7 рзы асааҭ 00:00 инаркны 19:00 рҟынӡа, абри атәы аанацҳауеит аҳҭнықалақь ахадара.

Аӡы аанкылахоит Кәыдрытәи амҩаду, Турбаза, Комсомолаа рымҩаду, аишьцәа Занҭариаа рымҩа (Баҭымтәи), Ҷанба имҩа, Баслаҭа ақыҭа.

Уи зыхҟьаз Кьалашәыр аӡиас иахьаҵанакуа 500 миллиметра здиаметр ыҟоу аӡымҩангага ахьԥжәаз ауп.